Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсныеихамҩаҿ арҽеиратә усурақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЖелезнодорожные пути
Железнодорожные пути  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсныеихамҩа аусзуҩцәа аамҭа-аамҭала иԥхасҭоу ашпалақәа рыԥсахуеит. Уажәазы Аҟәеи Ԥсоуи рыбжьара 23 цыра ԥсахтәны иҟоуп.
АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аихамҩеи иавоу адгьылтә цәаҳәеи имҩасуа адәыӷбатә еиԥшьқәа рҟынтәи ақәыӷәӷәара ду зауа системоуп. Лассы-лассы ибжьысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсныеихамҩа адиректор хада ицхырааҩ Октаи Хазириши.

"Ашпалақәа рыҵкарқәа ԥҽызар, ихадароу иԥҽу ҩба иреиҳамзароуп. Уи шәарҭара аҵаӡам. Ауснагӡа ишарбоу ала иҳаԥсахуеит ауп. Аихамҩа агәаҭаҩцәа ҳамоуп. Урҭ адырра ҳарҭоит иарбан ҭыԥу ашәарҭара змоу азы", - иҳәеит иара.

Иԥҽу ашпалақәа ауснагӡа иадырбоит, анаҩс ирыԥсахуеит ма идыҽеиуеит.
"Уажәы, Аҟәеи Ԥсоуи рыбжьара аныҟәарақәа реизҳара иахҟьаны ишьшьази иамаԥҽқәази 60 шпал ыҟан. Урҭ рҟынтәи 23 ԥсахтәны иҟоуп. Аусурақәа ирҿуп. шәарҭарак ыҟам", - иҳәеит Хазириши.
Аԥсныеихамҩа аусзуҩцәа аамҭа-аамҭала иԥхасҭоу ашпалақәа рыԥсахуеит.
"Аҭагылазаашьақәа еиуеиԥшым. Иҟоуп авагонеидҳәалақәа рҽанеиҵырхуа, ибааӡоу аихамҩаҿ акәырқәеи арельси реимадара аныԥсыҽхо, алокомотив уи иахҟьаны ианыҳәазо", - иҳәоит аҟазауаҩ.
Аусурақәа мҩаԥыргоит "атехнологиатә кылҳаран". Аиҭашьақәыргылараз амҩа иқәлаанӡа аусутә гәыԥ аинформациа роуеит адәыӷбақәа рныҟәараз. "Алокомативқәа рзы агәҽанҵаратә дыргақәа дыргылоит, адәыӷбақәа рныҟәара аамҭабжьараз аусурақәа мҩаԥыргоит. Амҩашәагатә хархәага – ари амҩақәа рҭагылазаашьа ҭызҵаауа хархәагала еиқәыршәоу вагонуп. Уи адыррақәа рыла ҳусура мҩақәаҳҵоит", - ҳәа иҳәеит Октаи Хазириши.
Хазириши иҳәеит аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны амҩашәагатә хархәага Аҟәеи Очамчыреи рымҩахәҭа ҭнаҵааит ҳәа. Урҭ аҭҵаарақәа инарықәыршәаны аусурақәа шьақәыргылахоит.
Профессия машинист - Качабава Эдуард - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Аԥсны
Аԥсны аихамҩатә аидарамҩангарақәа хынтәны еизҳаит
Ажәабжьқәа зегьы
0