Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу Донецктәи ақалақь Свиатогорск ахы ишақәиҭыртәыз иҳәеит

Свиатогорск (2003 шықәсанӡа Славианогорск) ДЖәР аҩада ахәҭаҟны иҟоуп, Харковтәи аобласт Изиум ақалақь алада-мраҭашәара аганахьала 40 километр аҟынӡа иацәыхароуп, уи урыстәылатәи арруаа рнапаҵаҟа иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу аҳәамҭа ҟаиҵеит, арратә аоперациа ҷыда аан ахы ишақәиҭыртәыз ақалақь Свиатогорск.
Ахы иақәиҭуп Донецки Лугански Жәлар рреспубликакақәа рҵакырақәа реиҳарак, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акалақьқәа Лиман Ҟаԥшьи Свиатогорски, иара убас аилынхарҭатә ҭыԥқәа 15", - иҳәеит Шоигу аилатәараҟны.
Зхы иақәиҭу зымҽхак ҭбаау аилынхарҭа ҭыԥқәа ҳәа рыӡбахә иҳәеит Студенок, Иароваиа, Кировск, Иамполь и Дробышево.
Иара иажәақәа рыла, Севередонецк аиланхарҭақәа ишеибакәу ахы иақәиҭуп.
Иара убас иазгәеиҭеит, иахьазы Лугансктәи Жәлар рреспублика аҵакыра 97% шҭырцәу.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина америкатәии норвегиатәии агаубицақәа ықәырхит
Уи инаҷыданы, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Украина иҭархан аҳәаанырцәынтәи иаагаз 51 ак аибашьыгатә техника.
Атәылахьчара аминистр иҳәеит, иҭҟәоу украинатәи аруаа рхыԥхьаӡара 6,4 нызқьҩык рҟынӡа ишынаӡахьоу.