Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Украина америкатәии норвегиатәии агаубицақәа ықәырхит

Арратә аоперациа ҷыда мҩаԥысуеижьҭеи Украина иҭархоуп 1,8 нызқь абзарбзанқәеи аминаршәгақәеи.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik. Урыстәылатәи артиллеристцәа уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит Норвегиантәи иаашьҭыз 155-мм иҟоу ахаланыҟәатә шьақәгыла М109А3, Америка иҭыжьу 155-мм иҟоу М777 агаубицақәа ҩба, абри атәы иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Иара убас иҭархан абзарбзанқәеи аминаршәгақәеи быжьба, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 203-мм иҟоу ахаланыҟәатә шьақәгыла "Пион".
Конашенков иазгәеиҭеит Урыстәылатәи авиациа ишҭадырхаз 170-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, иршьаҟьеит аруааи арратә техника аргыларҭақәеи рраионқәа 83.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа ДЖәР аҟны украинатәи аҳаирплан МиГ-29 карыжьит