Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа ДЖәР аҟны украинатәи аҳаирплан МиГ-29 карыжьит

© Sputnik / Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБоевая работа летчиков армейской авиации в зоне специальной военной операции
Боевая работа летчиков армейской авиации в зоне специальной военной операции - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2022
Анапаҵаҩра
Иара убас аҳауаҿагыларатә мчқәа ДЖәР, ЛЖәР, Харковтәии Зопорожтәии аоблостқәа рыҟны украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 13 карыжьит.
АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik. Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа ДЖәР аҟны украинатәи аҳаирплан МиГ-29 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Донецктәи Жәлар рреспублика аилынхарҭа Славианск аҟны Украина арбџьармчқәа рҳаирплан МиГ-29 карыжьит ", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Икылкааны ихысуа аҳауаҿы иҟоу аракетақәа иқәырхит украинатәи аибашьыгатә машьынақәа ахьышьақәдыргылоз Харковтәи аобласт аҟны иҟоу ажьи-амеханикатә зауад.Иара убас еилаԥыххаауп анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ԥшьба, украинатәи аруааи арратә техника аргыларҭақәеи рраионқәа 15.
Аоператив-тактикатә урыстәылатәи аибашьыгатә авиациа иршьаҟьеит аруааи арратә техника аргыларҭақәеи рраионқәа 73. Иҭархан анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩба, 150-ҩык амилаҭеилыхцәа, аракетатә-артиллериатә шьақәгылақәа, абылтәы ашьҭаҵарҭеи, атанкқәеи аршьаҟауаа рмашьынақәеи 8, ареактивтә система "Град".
Украинские военнослужащие - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа амилаҭеилыхцәа рбаталионқәа "Кракени" "Азови" рҭыԥқәа ықәрыцҟьааит
Аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит аруааи арратә техника аргыларҭақәеи рраионқәа 431, анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 7, артиллериатәи аминаршәгатәи позициақәа 34. Артиллериа имҩаԥыргаз ажәыларақәа ирыбзоураны иҭархан 300-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, атанкқәа жәаба, ареактивтә системаақәа "Град" ҩба, иҷыдоу амашьынақәа 17, артиллериатәи аминаршәгатәи позициақәа 17, иара убас УАМ аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа.
Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 азы. Урыстәылатәи аруаа рҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы - аӷа иабџьархыхра ауп, уи азы иҭадырхоит аибашьыга техника, арратә инфраструктура.
Ажәабжьқәа зегьы
0