Аԥсны

Аԥсны АҶА аиҳабы аӡаҿы амашәырқәа еиҳарак изыхҟьо атәы иҳәеит

Лев Кәыҵниа далахәын аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа иазкны атәыла ахада иҿы имҩаԥгаз аилатәара.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 – Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа аӡаҿы амашәырқәа зыхҟьо ҳәа амзызқәа хԥа рыӡбахә иҳәеит - арыжәтә ыжәны аӡы аҭалара, амшцәгьаан аӡы аҭалара, амшынҭалара ахьыҟамло аҭыԥқәа рҿы аҽыкәабара.
Аминистр иҟаиҵаз адыррала, 2021 шықәса рзы иӡааҟәрылеит 20-ҩык.
Иара иажәақәа рыла, фҩык аӡы иашьызи даҽа ҩыџьа зыԥсыбаҩқәа уажәыгьы ирымԥшааци амашәыр иақәшәеит Аԥсны АҶА адырра амҭакәа ишәарҭоу амаршрут ылхны иахьдәықәлаз азы.
2021 шықәса нанҳәамзазы АҶА ргәы иҭан аусбарҭа ақәмыршаҳаҭкәа ишәарҭоу амаршрутқәа ылхны ицаз агәыԥқәа рнапхгаҩцәеи рлахәылацәеи урҭ реиқәырхара иақәхарџьтәхаз ахараԥса аҟара ддыршәаларц азы азакәан аԥсахрақәа аларгаларц.
Лев Кәыҵниа адырра ҟаиҵеит 2021 шықәса рзы абылрақәа раан быжьҩык амца ишалаблыз.
Аԥсны
Быҭәба: Аԥсны амилициа аԥхынразы ирӷәӷәоу аусуратә режим ахь ииагоуп
2022 шықәса рзы АҶА игәарҭеит 116 обиект, аминистр иажәақәа рыла, урҭ реиҳарак абылраҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа еилаганоуп аус шыруа, еиҳараӡакгьы хаз гоу хаҭалатәи аобиектқәа.
Аусбарҭа ахараԥсақәа рзы 35 қәҵара ылнаҩаахьеит, урҭ рзеиԥш хәыԥса 325 нызқь мааҭ ҟалеит.