Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Быҭәба: Аԥсны амилициа аԥхынразы ирӷәӷәоу аусуратә режим ахь ииагоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Милиция
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба атәыла ахада иҿы имҩаԥысыз аилатәараҟны дрылацәажәеит 2022 шықәсазтәи аԥсшьара аамҭазы ауаажәларратә зинеиҿкаара алыршаразы иазгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа.
АҞӘА, лаҵара 8– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә еилазаара аԥхынразы ирӷәӷәоу аусуратә режим ахь ииагоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аминистр Вальтер Быҭәба ахада иҿы имҩаԥысыз аилатәараан.
Иара иажәақәа рыла, аԥсшьарахь иҟаз амилициа аусзуҩцәа аусурахь ирхынҳәын аԥхынразы аус рурацы.
Уи адагьы, амилициаа шьапылеи автомашьыналеи амҩақәа рҿы агәҭарақәа мҩаԥыргалоит, аԥсшьаҩцәа еиҳарак изҭаауа аҭыԥқәа рҿы ахылаԥшра дырӷәӷәоит.
Быҭәба иазгәеиҭеит аԥсшьацәа зҭаауа аҭыԥқәа 70 рҿы шьапыла ахылаԥшрақәа шымҩаԥыргало 177-ҩык, машьынала - 60-гәыԥ. Зынӡа азинеиҿкаара иахылаԥшлоит 340-ҩык амилициа аусзуҩцәа.
Аминистр идыррақәа рыла, 2021 шықәса рашәарамза инаркны цәыббрамзанӡа аԥсшьаҩцәа рганхьала 50 зинеилагара азгәаҭан, урҭ рахьтә 46 аҭыԥ рыман Гагра, Гәдоуҭа араионқәа рҿи Аҟәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0