АҞӘА, лаҵара 8– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә еилазаара аԥхынразы ирӷәӷәоу аусуратә режим ахь ииагоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аминистр Вальтер Быҭәба ахада иҿы имҩаԥысыз аилатәараан.
Иара иажәақәа рыла, аԥсшьарахь иҟаз амилициа аусзуҩцәа аусурахь ирхынҳәын аԥхынразы аус рурацы.
Уи адагьы, амилициаа шьапылеи автомашьыналеи амҩақәа рҿы агәҭарақәа мҩаԥыргалоит, аԥсшьаҩцәа еиҳарак изҭаауа аҭыԥқәа рҿы ахылаԥшра дырӷәӷәоит.
Быҭәба иазгәеиҭеит аԥсшьацәа зҭаауа аҭыԥқәа 70 рҿы шьапыла ахылаԥшрақәа шымҩаԥыргало 177-ҩык, машьынала - 60-гәыԥ. Зынӡа азинеиҿкаара иахылаԥшлоит 340-ҩык амилициа аусзуҩцәа.
Аминистр идыррақәа рыла, 2021 шықәса рашәарамза инаркны цәыббрамзанӡа аԥсшьаҩцәа рганхьала 50 зинеилагара азгәаҭан, урҭ рахьтә 46 аҭыԥ рыман Гагра, Гәдоуҭа араионқәа рҿи Аҟәеи.