Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Украина аҳәаанырцәтә еибашьцәа разыҟаҵара ацентр еилаԥырххааит

Азыҟаҵаратә центр иеихсит аҳауа иалоу аракетақәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 9 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа икылкааны иеихсит Украинатәи арбџьармчқәа иртәу аҳәаанырцәтә еибашьцәа разыҟаҵара ацентр, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Аҳауа иалоу урыстәылатәи аракетақәа рыла Житомиртәи аобласт аиланхарҭа Новоград-Волынски аҿы игылаз Украинатәи арбџьармчқәа иртәу аҳәаанырцәтә еибашьцәа разыҟаҵара ацентр икылкааны иеихсны еилаԥырххааит", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Иара убас ДЖәР аҿы иреихсит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩба, азенит-ракетатә комплекс "Оса-АКМ", ЛЖәР аҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, аруааи атехникеи ргыларҭақәа 23.
Аоператив-тактикатәи арратәи авиациа уахыки-ҽнаки рыла ЛЖәР аҵакыраҿы иеихсит аруааи арратә техникеи рраионқәа 18, иҭадырхеит 200-ҩык инареиҳаны амилаҭеилыхыҩцәа, атанкқәа хәба, зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа "Град" ҩ-цырак, иара убас аракета-артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи авиациа Харьковтәи акәылӡтәы танк зауад иеихсит
Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә хархәагақәа (ПВО) ДЖәР аҵакыраҿы икарыжьит украинатәи аҳаирплан Су-25, аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 13, украинатәи абаллистикатә ракета "Точка-У", зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа "Смерч" ҩ-цырак.
Уи адагьы, аракетақәеи артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иреихсит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 56, Украина ахысырҭаҭыԥқәа 127, аруааи арратә техникеи ргыларҭақәа 273 раион. Ахысрақәа ирыбзоураны иҭархан 300-ҩык инареиҳаны амилаҭеилыхыҩцәа, акәылӡтәы машьынақәа быжьба, зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа "Град" ҩ-цырак, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи 12, иҷыдоу автомобилқәа 24, арратә техниказы абылтәыҵәахырҭа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина америкатәии норвегиатәии агаубицақәа ықәырхит