Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи авиациа Харьковтәи акәылӡтәы танк зауад иеихсит

© Sputnik / Антон Вергун / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Белгородской области
Ситуация в Белгородской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа (ПВО) уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит украинатәи аҳаирплан МиГ-29, иара убас вертолиотки УАМ иатәу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәеизеи.
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Урыстәылатәи авиациа аракетақәа рыла УАМ атехника аремонт ахьыҟарҵоз Харьковтәи акәылӡтәы танк зауад иеихсит, абри атәы иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Аракетақәа рыла Харьковтәи акәылӡтәы танк зауад иеихсит, уаҟа ауасҭарҭақәа рҟны УАМ иатәу аибашьыгатә техникеи акәылӡтәы машьынақәеи аремонт рзуны еиҭашьақәдыргылон", - иҳәеит иара.

Уи адагьы, иҭархан анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩба, иршьаҟьеит аруааи арратә техника аргыларҭақәеи рраионқәа 13, иара убас Харьков араион аҟны иҭархан ареактивтә система ахымҵаҭырҟьа "Ураган".
Иара убас Харьковтәи аобласт Малиновка араионқәа, ДЖәР иҟоу Спорное, Звановка - ЛЖәР абџьари аџьыԥҳанышьҭаҵарҭақәеи ԥшьба, Харьковтәи аобласт анхарҭа ҭыԥ Чугуев аҟны иқәган УАМ атехника азы абылтәы аҵәахырҭа.
Украинатәи ацәгьоуратә гәыԥеиҿкаарақәа Донбасс ааха ӷәӷәа роуит, Свиатогорск ахақәиҭтәраан иҭахеит 300-ҩык аруаа ҳәа азгәарҭеит Атәылахьчара аминистрраҟны.
Повседневная жизнь в Мелитополе - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Запорожиетәи аобласт Урыстәыла адларазы ареферендум сынтәа имҩаԥысраны иҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0