Аԥсны

Аԥсны АҶА: атәыла аплиажқәа реиҳарак амшынҭалара аамҭа иазыҟаҵам

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рхылаԥшырҭа амшынҭалара шәарҭам ҳәа иршьеит атәылаҟны иҟоу 20 плиаж рҟынтәи ааба.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Аԥсны иҟоу аплиажқәа реиҳарак реиҳарак амшынҭалара аамҭа иазыҟаҵам, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рхылаԥшарҭа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Иара иажәақәа рыла, атәылаҟны иҟоу 20 плиаж рҟынтәи ааба роуп аҽыкәабаратә аамҭазы иаԥҵоу аԥҟарақәа назыгӡаз. Урҭ иреиуоуп: "Золотое руно-2020" Тамшь, Гәылрыԥшь араион аплиаж, Аҟәатәиқәа - "Аксель Сиа", "Дель Мар", "Сани-Бар", "Аиҭар", аплиаж "Киланава", Гагратәи аплиаж - "Напра Холидеи".
Егьырҭ 12 аԥхынтәи аамҭа иазыҟаҵам. Урҭ ақалақьтә плиажқәа роуп аиҳарак. Сабуа иажәақәа рыла, раионқәак иҵегь аамҭа иаҳәеит. Убри аан Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рхылаԥшырҭа араионқәеи ақалақьқәеи рнапхарақәа мызкы аԥхьа агәҽынҵара рырҭахьан.
"Ҳара есышықәса амшынҭалара аамҭа мызк шагу ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа, аекологиатә маҵзура, ҳаргьы зегьы ҳаиқәшаҳаҭны амшынҭалара аамҭа азԥаҳҵәоит. Сынтәа уи рашәарамза 5 иақәшәеит. Амшынҭалара аартхаанӡа ахадарақәа рнапхгаҩцәа аԥҟарақәа рзынаҳашьҭуеит, аплиаж азы иаҭаху амаругақәа уҳәа рзеиҭаҳҳәоит. <...> Аха есышықәса урҭ ҭакс иҳарҭо акоуп - уи азы аԥара абиуџьет ишырзалам. Ҳара идеилҳаркаауеит атәылауааи асасцәеи ршәарҭадара аҵкыс ихадоу акгьы шыҟам. Акаҿы иааитәуп, ҵыԥх иаларымҵазар, иааиуа ашықәс азы заа абиуџьет иалаҵатәуп", - ҳәа иԥхьаӡоит Сабуа.
Иазыҟаҵам аплиажқәа официалла иаадыртӡом, аха фактла уа ауаа рҽыркәабоит. Зны-зынла амашәырқәагьы аныҟало ыҟоуп. Убас, 2021 шықәса рзы иӡааҟәрылеит 20-ҩык ауааԥсыра.
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа аплиажқәа акурорттә аамҭа разыҟаҵара иазкны
АҶА иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рхылаԥшырҭа аиҳабы иазгәеиҭеит амшын иахьҭало аҭыԥқәа рҿы еиҳараӡак узхымсша ацәаҳәақәа арбаӡам, аӡҭалара ҟало иҟамло узырбо арбагақәа ыҟаӡам, аиқәырхарҭақәеи аиқәырхаҩцәеи ыҟаӡам ҳәа.
Ҭенгиз Сабуа ишиҳәаз ала, аусбарҭаҿы ишаздырхиаз аплиажқәа реиқәыршәаразы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа назмыгӡаз ахараԥса дыршәара иазку ақәҵара апроект. Макьана уи адокумент рыдрымкылацт.
Аԥсны
Аҟәатәи асанепидмаҵзура акурорттә аамҭазы аплиажқәа шазыҟаҵоу ахәшьара арҭеит