Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа аплиажқәа акурорттә аамҭа разыҟаҵара иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа аплиажқәа акурорттә аамҭа разыҟаҵара иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥхын аамҭазы аӡиасқәа рҟны ауаа ршәарҭадара аиҿкааразы аиқәырхаҩцәа раԥхьа ишьҭоу аус иахьынӡазыҟаҵоу атәы еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Сынтәа акурорт аамҭазы ҳтәыла ԥсшьара иаҭаауа рхыԥхьаӡара рацәахоит ҳәа азгәарҭахьан Аԥсны атуризм аминистрраҿы. Ҵыԥх аӡиасқәеи амшын аҟныи иҭахеит ҩажәаҩык ауаа.
"Ҳара есышықәса ақалақьқәа рхадарақәа рҿы ҳнеины аекологцәеи ҳареи ишьақәҳаргылоит аӡҭалара аамҭа. Сынтәагьы рашәара 5 рзы ҳәа аҽыкәабаратә сезон аартра ҳәа иазгәаҳҭоит. Уи мызкы шыбжьоу аплиажқәа қьырала измоу рҿы ҳнеины аҟаҵатә зну ақьаадқәа раҳҭоит. Плиажцыԥхьаӡа аԥсеиқәырхаратә ҭыԥ ыҟазароуп. Аԥсеиқәырхаҩ анышь иманы дыҟазароуп. Аӡсара ахьынӡаҟало ҳәа адыргақәа ыҟазароуп. Аӡҭалаҩцәа аӡы аҵаҟны игәарҭароуп ауаҩы аӡы иҭалара иаԥырхагоу, ишәарҭоу акы ыҟазар ҳәа. Плиажцыԥхьаӡа абираҟқәа ыҟазароуп, амшын цәқәарԥозар, мамзаргьы амш цәгьахозар уҭалар шыҟамло удыруеит уи лашьҭызар. Убасгьы зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы адыргақәа ыҟазароуп ауаа рҽахьыркәабо аҟынӡа имнаӡарц. Арҭқәа зегьы аныҟарҵалак, ҳара ҳнеины игәаҳҭоит, актқәа ҳаҩуеит аплиаж аартразы", - иҳәеит Сабуа.
Убри аан Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиҳабы иазгәеиҭеит иахәҭоу ахәҭаҷқәа зегьы аплиажқәа раартразы ишынармыгӡогьы урҭ раркразы алшара шрымам.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0