Аԥсны

Абылтәы азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иалацәажәеит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы

Аилатәара иалахәын ахада Иусбарҭа анапхгаҩцәа, Аиҳабыра рлахәылацәа, абылтәы аазго ахеилакқәа рхаҭарнакцәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абылтәы ахәԥса аиҿкааразы аилацәажәара мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны иалацәажәеит абылтәы ахәԥсақәа рҽеиҭакра зыхҟьо, урҭ рышьақәыргыларазы иарбан шьаҿақәоу иҟаҵатәу.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лажәақәа рыла, абылтәы ахә аизҳара ахҟьеит Урыстәыла ашәахтәаразы азакәанԥҵара аиҭакрақәа ахьалагалоу, иара убас Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа.
"Иҟан ус еиԥш аамҭакы аинформациа анҳамаз абылтәы шә-мааҭк иаԥсахоит ҳәа. Мшаԥымзазы уи аҭагылазаашьа ҳалҵеит. Абылтәы ҭиира иалахәу аилакқәа ари аус даараӡа иацхрааит, ахәԥсақәа иахьынӡалшоз иааныркалеит", - лҳәеит Озган.
2022 шықәсазы Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда абылтәы шаҟа аарышьҭуа азгәаҭоуп
Озган илҳәеит, Урыстәыла аҭагылазаашьа аҽеиҭанакуеит, аха Аԥсны ахәқәа уи иашьҭагыланы аиҭакра азалыршахом, избан акәзар аблытәы еизакны иаархәоит, ирымҭииц аалыҵ ахәԥса ашьақәыргылараан анырра ҟанаҵоит.
Иара убас аминистр иазгәалҭеит, ари азҵаара аӡбразы урыстәылатәи рколлегацәеи дареи аиҿцәажәарақәа шымҩаԥырго.
Аилатәра алҵшәақәа рыла Аслан Бжьаниа аекономика аминистрра рнапы ианиҵеит урыстәылатәи рколлегацәеи дареи ирыӡбырц Аԥсны ахархәарахь иаиурц аҩынтәтәи аӡа, ажәалагала ҟаиҵеит иаарласны атреидерцәа рыԥшаарц.
Арадио
Шьалашьа абылтәы аквотақәа реизырҳаразы: мааҭк акәзаргьы ахәгьы рзыларҟәыр, бзиахон