Аԥсны

Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҟны аҿкы аламырҵәара иазааԥсоз аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранашьан

Аиԥш зеиԥшу Гагреи Гәдоуҭеи рхәшәтәырҭақәа рҳақьымцәеи рмедеиҳәшьцәеи аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысит, рашәара 19 азы иазгәарҭо Амедицина аусзуҩцәа рымш аламҭалазы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Очамчыреи, Гали, Тҟәарчали араионқәа рхәшәтәырҭақәа рмедусзуҩцәа COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз аҳамҭақәа ранаршьеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
"Акоронавирустә ҿкы апандемиа ҳаԥсҭазаара аиҭакра дуқәа аланагалеит. Иааҳхымхӡакәа асабрадақәа ныҟәаагон, еиуеиԥшым аԥкрақәа ҳрықәнаҟәон. Иуадаҩын. Шәара аҳақьымцәа ҳтәылауаа рыԥсеиқәырхаразы ишәылшозгьы ишәылымшозгьы ҟашәҵон. Шәааԥсаразы иҭабуп", - иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Гал араион "COVID-19 аламырҵәара рџьабаазы" амедалқәа ранашьан 17-ҩык амедусзуҩцәа, Очамчыра - 20-ҩык. Галнтәи ԥшьҩык аҳақьымцәеи Очамчырантәи хәҩыки иранашьан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәқәа, иара убас Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр ихьӡала аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан Гал араион аҟазауаа 46-ҩык, Очамчыра-40-ҩык.
Иара убас амедусзуҩцәа аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥган Тҟәарчал. Уаҟа амедалқәа ранаршьеит 40-ҩык амедусзуҩцәа, агәабзиарахьчара аминистр ихьӡаала аҳаҭыртә шәҟәқәа иаԥсахеит 45-ҩык.
1 / 3

Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҟны аҿкы аламырҵәара иазааԥсоз аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранашьан

2 / 3

Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҟны аҿкы аламырҵәара иазааԥсоз аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранашьан

3 / 3

Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҟны аҿкы аламырҵәара иазааԥсоз аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранашьан

Ааигәанӡа Аԥсны араионтә хәшәтәырҭақәа рыҟны иаартын аковид ҟәшақәа. Ари аамҭа иалагӡаны Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭаҟны рҽырхәшәтәит 780-ҩык, Очамчыратәи ахәшәтәырҭаҟны- 843-ҩык.
Аԥсны аҿкчымазара аҭагылазаашьа ҭышәантәалеит, ачымазара хҽуа иалагеит, иалагалаз аԥкрақәа реиҳарак аԥыхуп, COVID-19 зыдбалоу ачымазцәа рзы аҟәша аартуп Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҟны.
Аԥсны
COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз Гагреи Гәдоуҭеи рмедусзуҩцәа аҳамҭақәа ранаршьеит