Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз Гагреи Гәдоуҭеи рмедусзуҩцәа аҳамҭақәа ранаршьеит

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2022
Анапаҵаҩра
Гагреи Гәдоуҭеи рхәшәтәырҭақәа рҳақьымцәеи рмедеиҳәшьцәеи аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥган рашәара 19 азы иазгәарҭо Амедицина аусзуҩцәа рымш аҳаҭыразы.
АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥган Гәдоуҭеи Гагреи рашәара 10 аҽны ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Гәдоуҭа "COVID-19 аламырҵәара рџьабаазы " амедалқәа ранашьан 107-ҩык амедусзуҩцәа, 24-ҩык аҟазауаа иранашьан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәқәа, иара убас 105-ҩык араионтә хәшәтәырҭа аусзуҩцәа иранашьан Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ихьӡала аҳаҭыртә шәҟәқәа.

"Сабрадада ҳанеиқәшәо амш ҟалеит. Зегьы ибзианы иаадыруеит шаҟа иуадаҩыз арҭ аамҭақәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан еиԥш гәдоуҭатәи агоспиталь ахахьы иагеит ачымазцәа рыхәшәтәра, ус иҟалеит акоронавирустә чымазара аҽагылара анаҭаххагьы", - иҳәеит Едуард Быҭәба.

Агәабзиарахьчара аминистр иколлегацәа ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, аҿкчымазара аҿагыларазы изнылаз амҩа лыԥхала анысра рылшеит, уи зегьы еицырзеиԥшу иааироуп.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иҳәеит, ари аныҳәа инагӡаны изалагәырӷьом, избанзар иахьа ирылагылам ари ачымазара иазымиааиз рҩызцәа аҳақьымцәа.
"Иуадаҩыз ҩышықәса ҳхаагеит. Шәара зегьы аҳамҭақәа шәрыԥсоуп, еиҳаугьы шәаԥсоуп, аха ҳара ҳзы еиҳау ҳамҭоуп -зыԥсы еиқәҳархаз ачымазцәа. Ирацәаҩуп иҳалшоз зегьы шыҟаҳҵозгьы иаҳзеиқәмырхаз", - иҳәеит Шамба.
Сотрудник Диагностического центра лабораторных исследований Депздрава Москвы проводит пцр-исследование - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Урыстәылаа амаамынқәа рцәырԥшӡа COVID-19 аасҭа ишәарҭам ҳәа рыԥхьаӡоит
Еизаз зегьы иазгәарҭеит COVID-19 аиааира шымариамыз, амчи, аамҭеи, ауадаҩрақәеи шрыцыз. Хаҭала ҭабуп ҳәа раҳәан афельдшар-ахәыҷышьҭыхратә ҭыԥқәа русзуҩцәа. Иара убас ҭабуп ҳәа раҳәан амедицина ахырхарҭақәа зегьы рҟны аус зуаз.
"Русура шынарыгӡоз батәын. Аӡәгьы иуалԥшьа мап ацәимкит, ҳшәоит ҳәа аӡәгьы имҳәеит, раԥхьатәи амш инаркны ачымазцәа реиқәырхара иазааԥсон. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа иасҳәар сҭахуп ари аамҭазы ахәшәтәырҭа иҩнымҵӡакәа аус зуаз ҳҳақьым хада", - лҳәеит Гәдоуҭа араион асанитар ҳақьым хада Инга Ҷанба.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа арентгенологиа аҟәша аусзуҩ Гәында Зыхәба аҳәынҭқарра ахада иҟынтәи аџьшьаратә шәҟәы зоуқәаз дреиуоуп, лара илҳәеит иҟарҵаз азхьаԥшра агәахәара шылнаҭаз, лусурагь лара илуалны ишылԥхьаӡо.
"Ари сара исуалуп, сара исылшо ахәыҷы ҟасҵоит. Ииашоуп раԥхьа ари ачымазараз акагьы ҳаздырӡомызт, аха уахгьы -ҽынгьы уи ҳаҿагылан ҳазықәԥон. Ҳҭаацәа ныжьны ҳаамҭа зегьы ачымазцәа инарзаҳкуазгьы ыҟан, аха ус иҟаҳмҵаргьы ԥсыхәа ыҟаӡамызт", - лҳәеит лара.
Иара убас аҳамҭақәа ранашьан Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа хада аусзуҩцәагьы.
Быҭәба иазгәеиҭеит Гагратәи ахәшәтәырҭа аџьабаа шырацәоу апандемиа аамҭази уи аԥхьаҟагьы. Гагра ҳреспубликаҿы еицырдыруа курортуп, ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа лассы-лас ҳтәыла иаҭаауа асасцәа рыдыркылоит, ацхыраара рзыҟарҵоит. Агәабзиарахьчара аминистр аҳәынҭқарра ахадеи иара ихьӡалеи ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит рџьабаазы.
Гагра араион аҳақьымцәа аҭыпантәи Ахадараҿы ирԥылеит. "COVID-19 аламырҵәаразы рџьабаазы" амедалқәа ранашьан 39-ҩык, хәҩык иранашьан Атәыла ахада иҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәқәа, иара убас агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтәи 53-ҩык аҟазауаа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа. Гагра аҳамҭақәа занашьаз рхыԥхьаӡарахь иаҵанакуеит Пицундеи Цандрыԥшьи ахәшәтәырҭақәа амедусзуҩцәагьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0