Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аракетақәа "Калибр" украинатәи аџьаԥҳаны шьҭаҵарҭақәа еилаԥырххаит

Украина жәабран 24 азы иалагеит арратә операциа. Иара хықәкыс иамоуп атәыла абџьархыхра, Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчара.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа "Калибр" аракетала иеихсны иԥыржәеит Черниговтәи аобласт аҟны иҟаз абџьари аџьаԥҳани шьҭаҵарҭақәа, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Иара убас, хықәкылатәи аракетақәа рыла иқәыцҟьаауп аӷа ири иеибашьыгатә техникеи ргыларҭақәа 11, аракетатә ари артиллериеи УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ааба, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ДЖәР араион анхарҭа ҭыԥқәа Бахмут, Переездное рҟны иҟаз ареактивтә системақәа "Град" хԥа, ЛЖәР -Лисичинск, иара убас алада Харков иҟаз аџьаԥҳаны шьҭаҵарҭақәа ҩба, ЛЖәР-Горски араион", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аоператив-тактикатәи арратә авиациеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит аруааи арратә техникеи рраионқәа 101. Иҭадырхеит 350-ҩык инареиҳаны амилаҭеилыхыҩцәа, анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа, атанкқәеи акәылӡтәы машьынақәеи 13, зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа "Град" ф-цырак, адәынтәи артиллериа маҭәахәқәа 14, иҷыдоу автомобилқәа 22.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи архәҭақәа ЛЖәР иқәырхит аҳәаанырцәтә еибашьцәа ахьгылаз аҭыԥ
Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә хархәагақәа (ПВО) икарыжьит украинатәи аҳаирплан МиГ-29 авертолиот Ми-24,, аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа жәба, аанкылара рылшеит "Точка-У" аракета, Харковтәи аобласт аҟны зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа "Смерч" 14 цыра.
Иара убас аракетақәеи артиллериеи иреихсит аруааи арратә техникеи ргыларҭақәа 280 раион, анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 18, ахысырҭаҭыԥқәа 59, Константиновка иҟаз абылтәы ҵәахырҭақәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ДЖәР апарк арыцқьараан 200 мин еиҵырхит