АҞӘА, рашәара 16– Sputnik. Аԥарашәаратә система "Мир" ашықәс нҵәаанӡа Куба рыдкылара иалагоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит асистематә технологиақәеи амилаҭтә банк аҿиареи адиректор хада Альберто Кинонес Бетанкур.
"Уажәтәи аамҭазы аусурақәа мҩаԥаагоит ҳтәылаҟны аԥарашәаратә система "Мир" ахсаала адкылара иалагарц. Ҳгәыӷуеит иаарласны мышқәак ма мчыбжьқәак ирылагӡаны аусурақәа нап архап ҳәа, ашықәс нҵәаанӡа асистема "Мир" ҳтәылаҟны иалагалахап ҳәа", - иҳәеит иара Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум аҟны иқәгылараан.
Аԥсны адагьы, "Мир" аус ауеит Ҭырқәтәыла, Виетнам, Ермантәыла, Узбекисҭан, Белоруссиа, Ҟазахсҭа, Киргизиа, Ҭаџьикисҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла.
Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система АԤРА асистема "Мир" аус злауа ала, аԥснытәи абанкқәа рыхсаалагақәа арҭ атәылақәа рҿы аусура рылшоит.