https://sputnik-abkhazia.info/20220616/ashys-naana-kuba-aarasharat-sistema-mir-rydkylara-ialagoit-1039631362.html
Ашықәс нҵәаанӡа Куба аԥарашәаратә система "Мир" рыдкылара иалагоит
Ашықәс нҵәаанӡа Куба аԥарашәаратә система "Мир" рыдкылара иалагоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 16– Sputnik. Аԥарашәаратә система "Мир" ашықәс нҵәаанӡа Куба рыдкылара иалагоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит асистематә технологиақәеи амилаҭтә банк... 16.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-16T18:55+0300
2022-06-16T18:55+0300
2022-06-16T18:57+0300
ажәабжьқәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/11/1038166325_0:155:3014:1850_1920x0_80_0_0_4e89ec9244710ddcf8f6677b54030bdf.jpg
АҞӘА, рашәара 16– Sputnik. Аԥарашәаратә система "Мир" ашықәс нҵәаанӡа Куба рыдкылара иалагоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит асистематә технологиақәеи амилаҭтә банк аҿиареи адиректор хада Альберто Кинонес Бетанкур."Уажәтәи аамҭазы аусурақәа мҩаԥаагоит ҳтәылаҟны аԥарашәаратә система "Мир" ахсаала адкылара иалагарц. Ҳгәыӷуеит иаарласны мышқәак ма мчыбжьқәак ирылагӡаны аусурақәа нап архап ҳәа, ашықәс нҵәаанӡа асистема "Мир" ҳтәылаҟны иалагалахап ҳәа", - иҳәеит иара Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум аҟны иқәгылараан.Аԥсны адагьы, "Мир" аус ауеит Ҭырқәтәыла, Виетнам, Ермантәыла, Узбекисҭан, Белоруссиа, Ҟазахсҭа, Киргизиа, Ҭаџьикисҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла. Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система АԤРА асистема "Мир" аус злауа ала, аԥснытәи абанкқәа рыхсаалагақәа арҭ атәылақәа рҿы аусура рылшоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220615/mir-abankt-khsaalagaa-ryda-akhshasha-yts-alanagaloit-1039598674.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/11/1038166325_171:0:2843:2004_1920x0_80_0_0_57a3d3879684ad1060ed4b8ed4cb023e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра
Ашықәс нҵәаанӡа Куба аԥарашәаратә система "Мир" рыдкылара иалагоит
18:55 16.06.2022 (ирҿыцуп: 18:57 16.06.2022) АҞӘА, рашәара 16– Sputnik. Аԥарашәаратә система "Мир" ашықәс нҵәаанӡа Куба рыдкылара иалагоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит асистематә технологиақәеи амилаҭтә банк аҿиареи адиректор хада Альберто Кинонес Бетанкур.
"Уажәтәи аамҭазы аусурақәа мҩаԥаагоит ҳтәылаҟны аԥарашәаратә система "Мир" ахсаала адкылара иалагарц. Ҳгәыӷуеит иаарласны мышқәак ма мчыбжьқәак ирылагӡаны аусурақәа нап архап ҳәа, ашықәс нҵәаанӡа асистема "Мир" ҳтәылаҟны иалагалахап ҳәа", - иҳәеит иара Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум аҟны иқәгылараан.
Аԥсны адагьы, "Мир" аус ауеит Ҭырқәтәыла, Виетнам, Ермантәыла, Узбекисҭан, Белоруссиа, Ҟазахсҭа, Киргизиа, Ҭаџьикисҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла.
Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система АԤРА асистема "Мир" аус злауа ала, аԥснытәи абанкқәа рыхсаалагақәа арҭ атәылақәа рҿы аусура рылшоит.