Аԥсны

COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит

2020 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥсны акоронавирустә ҿкы аԥырҟәҟәаразы иақәхарџьуп миллирадки 18 миллиони мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 16– Sputnik. Сариа Кәарцхьиаԥҳа. COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит аԥшьаша, рашәара 16 рзы.
Аҳақьымцәа иранаршьеит аҳәынҭқарра ахада иҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәқәа, агәабзиарахьчара аминистрра ахьӡала ирыҭан аҳаҭыртә шәҟәқәеи "COVID-19 аламырҵәара рџьабаазы" амедалқәеи.
Аԥсны
Аԥсны миллиардк иазынаԥшуа аԥара ннахит акоронавирустә ҿкы аԥырҟәҟәаразы
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едурад Быҭәба иколлегацәа ҩышықәса ирбаз рџьабаазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
"Амедицина аусзуҩцәа рымшныҳәа аламҭалазы хықәкыла Ареспубликатә хәшәтәырҭа ҳаҭааит ари амш шәыдаҳныҳәаларц. Ҩышықәса ирылагӡаны аус ду ҟашәҵеит. Шәусуразы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ари аамҭазы шәҭаацәеи шәареи шәеиҟәыганы "ацәаҳәа ҟаԥшь" аҟны аус жәуан. Шәымчқәа ҳуааԥсыреи, ҳасасцәеи, ҳахәшәтәырҭақәа ирҭашәоз зегьы рыхәшәтәра иазышәкит. Иҭабуп идуӡӡаны", - иҳәеит Быҭәба.
Иколлегацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҟәатәи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа. Иара иҳәеит, амедусзуҩцәа аус шыруаз иуадаҩыз, аиҳарак аҿкы зыдбалаз рхыԥхьаӡара анеиҳаха аамҭазы. Ауадаҩрақәа ирхьмырԥшыкәа ирылшоз зегьы ҟарҵеит, уи азы "иҭабуп шәусуразы" анаҳҳәо аамҭа ааит ҳәа.
Аԥсны
Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҟны аҿкы аламырҵәара иазааԥсоз аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранашьан
"Шәаргьы ҳаргьы имариамыз ашықәсқәа ҳхаагеит, иаҳдыруеит ҳҭаацәа рааныжьреи ҳусуреи шыуадаҩыз. Ас хҽеибыҭаны аусура ашьақәыргылара ҳалымшыр ҟаларын ҳнапхгаҩы Едуард Быҭәба иакәымзар. Аминистр уахи-ҽни даҳзыӡырҩуеит, дҳацхраауеит, дҳавагылоуп", - иҳәеит Ҳаҭхәа.
Ареаниматолог, анестезиолог Алмас Бганба ианашьан "COVID-19 аламырҵәара рџьабаазы" амедал. Аковид аамҭазы иара иусура ҽаамҭанык еиԥшымкәа иаҭахын, иара ихәшәтәуан ареанимациа иҭашәоз зыԥсыԥ алагаҩагара зцәыуадаҩыз, иӷәӷәаз ачымазцәа. Алмас иколлегацәеи иареи еиқәдырхеит жәаҩыла ауааԥсыра. Иара ихаҭа аҿкы изныкымкәа ихыигеит.
Бганба иажәақәа рыла, акоронаиврус аԥсуа ҳақьымцәа иднырҵаз рацәоуп, раԥхьаӡа иргыланы аидгылара.
Аԥсны
COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз Гагреи Гәдоуҭеи рмедусзуҩцәа аҳамҭақәа ранаршьеит