Аԥсны

Гәдоуҭа араион ахәҭак аԥшьаша рашәара 16 рзы лашарада иаанхоит

Арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит афымцеихшарҭа "Дәрыԥшь" аҟны.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 16– Sputnik. Гәдоуҭа араион ахәҭак аԥшьаша рашәара 16 рзы лашарада иаанхоит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Асааҭ асааҭ 10:00 инаркны 15:00 рҟынӡа иаҿыхзаауеит афымцеихшарҭа "Дәрыԥшь".