Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Песков Америка Украина бџьарла иахьеиқәнаршәо азы: ррыцҳара иацнаҵоит

Иахьа шықәсык ҵуеит Урыстәылеи Америкеи асаммит мҩаԥыргеижьҭеи. Ҩ-тәылак рхадацәа Владимир Путини Џьо Баидени еиԥылеит Женева рашәара 16 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 16– Sputnik. Песков Америка Украина бџьарла иахьеиқәнаршәо ррыцҳара иацнаҵоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Урыстәыла Украина аҵакыраҟны арратә аоперациа иалагазар Вашингтон Украина атәылахьчара иазоунажьит 5,6 миллиард доллар, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Пентагон аофициалтә хаҭарнак Џьон Кирби.
ЕАА ахада Украиназы "ленд-лиз" азакәан инапы аҵеиҩит
Баиден аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина арратә цхыраара аҭаразы миллиард доллар шахыԥхьаӡалахо.
ЕАА ахада Џьо Баиден Украина "ленд-лиз" аҭаразы азакәан инапы аҵеиҩит лаҵарамзазы. Аконгресс апалатақәа рыҩба зықәшаҳаҭхаз адокумент Украина арратә цхыраара аҭара армариара иазырхоуп. Хаҭала, "Урыстәыла ажәлар зылшо Мрагыларатәи Европа атәылақәеи Украинеи реиҳабыра абџьар рыҭаразы ахада ленд-лиз аганахьала изинмчра аԥкрақәа армариоит", аҳәоит азакәан апроект аҿы.