Аԥсны

Андзор Гоови ЛЖәР агәабзиарахьчара аминистри амашәырцәгьақәа рмедицина иалацәажәеит

Андзор Гоов изныкымкәа Донбассҟа дцахьеит, мшаԥымзазы Аҟәатәи ақалақьтә хәшәтәырҭа аҳақьым Алхас Џьынџьали иареи агуманитартә цхырааразы ҩымчыбжьа уа иҟан.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аиҳабы Андзор Гоов Лугансктәи Жәлар рреспублика агәабзиарахьчара аминистр Наталиа Пашьенкои еиԥылеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Аиԥылараҟны аганқәа аусбарҭақәа русеицура иалацәажәеит, хықәкыла амашәырцәгьақәа рышьҭахь ауаа ацхыраара рыҭареи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыхҟьаԥҟьақәа рԥырҟәҟәаареи.

Иара убас, Гоов Лугансктәи ахәшәтәрыҭақәа руак аҟны амедусзуҩцәа русушьа гәеиҭеит, имҩаԥыргоз аԥҟарагьы далахәын.
Уаанӡа Гоов иҳәахьан аԥсуа медикцәа ҩаԥхьа Донбассҟа аара гәҭакыс ишрымаз ацхыраара аҟаҵаразы. Аԥснынтәи аҳақьымцәа ҩымчыбжьа инареиҳаны урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи иааз аҳақьымцәеи дареи ачымазцәа рыхәшәтәуан. Иара убас украинатәи аибашьцәа ахәрақәа зоузгьы.
Аԥсны
Аԥсуа ҳақьымцәа Донецк русура аихшьала ҟарҵеит