https://sputnik-abkhazia.info/20220505/asua-aymtsa-donetsk-rusura-aikhshala-areit--1038971717.html
Аԥсуа ҳақьымцәа Донецк русура аихшьала ҟарҵеит 
Аԥсуа ҳақьымцәа Донецк русура аихшьала ҟарҵеит 
Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аиҳабы Андзор Гоови Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым Алхас Џьынџьали злахәыз апресс-конференциа мҩаԥысит Аҟәа. 05.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-05T15:22+0300
2022-05-05T15:22+0300
2022-05-05T16:21+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
апресс-центр
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/05/1038968998_0:160:3071:1887_1920x0_80_0_0_20073dc25bb6b76b4764bda064700ae6.jpg
АҞӘА, лаҵара 4-Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсуа ҳақьымцәа Андзор Гоови Алхас Џьынџьали ҩымчыбжьа Донецк рыҟазаара иалагӡаны ахәра зауз ауаа ацхыраара шрырҭози, лкаас иҟарҵаз атәы иалацәажәеит Sputnik имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны лаҵара 4 рзы.Мышқәак раԥхьа Донецкнтәи Аԥсныҟа ихынҳәит Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аиҳабы Андзор Гоови Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым Алхас Џьынџьали.Урҭ уаҟа аус рыцыруан еиуеиԥшым Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала иааз аҳақьымцәа.Алхас Џьынџьал иазгәеиҭеит, Урыстәылантәи аҳақьымцәеи дареи русеицура акыр рус шарманшәалаз, насгьы иҳәеит аҳақьымцәа рыбжьара аимадара бзиа шышьақәыргылахаз атәы.Алхас Џьынџьал иажәақәа рыла, ахәра зауз рхыԥхьаӡараҟны иҟан Украинатәи аруаагьы, аха еилых ҟамҵакәа зегьы инеибанеиԥшны ацхыраара рырҭон.Џьынџьал инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари аамҭа иалагӡаны аԥсуа ҳақьымцәа ирылшоз зегьы шыҟарҵоз. Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аиҳабы Андзор Гоов иажәақәа рыла, ҽнакала ихәыз 50-60-ҩык ааргон."Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа раан ахәра зауз ҳаибашьцәа ирзымҩаԥаҳгон аԥҟарақәа жәпакы, усҟантәи аибашьцәа ироуаз ахәрақәеи уажәы Донецк иҟоу аҭагылазаашьеи еиԥшым, избан акәзар, еиҳа иӷәӷәоу, зымҽхак ҭбаау ахқәа рықәшәоит, уи иаразнак рцәа-ржьы ӷәӷәала иаԥырхагахоит", - иҳәеит иара.Иара убас Андзор Гоов иҳәеит, аԥсуа ҳақьымцәа уаҟа рыҟазаара иалагӡаны уахь ишнеиз ДЖәР анапхгара.Апресс-конференциа ахыркәшамҭазы аҳақьымцәа ирҳәеит ҩаԥхьа Донецкҟа ацара ргәы ишҭоу, уажәазы уаҟа ишыҟоу даҽа гәыԥк аҳақьымцәа.
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2022
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
      https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/05/1038968998_171:0:2900:2047_1920x0_80_0_0_15f63eaf03097db3cad0ea1249034c4c.jpgSputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     ажәабжьқәа, апресс-центр
Аԥсуа ҳақьымцәа Донецк русура аихшьала ҟарҵеит 
15:22 05.05.2022  (ирҿыцуп: 16:21 05.05.2022) Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аиҳабы Андзор Гоови Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым Алхас Џьынџьали злахәыз апресс-конференциа мҩаԥысит Аҟәа.
АҞӘА, лаҵара 4-Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсуа ҳақьымцәа Андзор Гоови Алхас Џьынџьали ҩымчыбжьа Донецк рыҟазаара иалагӡаны ахәра зауз ауаа ацхыраара шрырҭози, лкаас иҟарҵаз атәы иалацәажәеит Sputnik имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны лаҵара 4 рзы.
Мышқәак раԥхьа Донецкнтәи Аԥсныҟа ихынҳәит Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аиҳабы Андзор Гоови Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым Алхас Џьынџьали.Урҭ уаҟа аус рыцыруан еиуеиԥшым Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала иааз аҳақьымцәа.
Алхас Џьынџьал иазгәеиҭеит, Урыстәылантәи аҳақьымцәеи дареи русеицура акыр рус шарманшәалаз, насгьы иҳәеит аҳақьымцәа рыбжьара аимадара бзиа шышьақәыргылахаз атәы.
"Донецк ҳаннеи хҽаҳшеит ахәшәтәырҭақәа рышҟа. Ҩымчыбжьа ирылагӡаны аҳәынҭқарратә атравматологиатә хәшәтәырҭаҟны аус ҳуан. Ари аамҭа иалагӡаны ахәра зауны иааргоз аибашьцәа рхыԥхьаӡара рацәан, урҭ рыгәҭаны иҟан аҭынч уааԥсырагьы", - иҳәеит иара.
Алхас Џьынџьал иажәақәа рыла, ахәра зауз рхыԥхьаӡараҟны иҟан Украинатәи аруаагьы, аха еилых ҟамҵакәа зегьы инеибанеиԥшны ацхыраара рырҭон.
Џьынџьал инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари аамҭа иалагӡаны аԥсуа ҳақьымцәа ирылшоз зегьы шыҟарҵоз. 
Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аиҳабы Андзор Гоов иажәақәа рыла, ҽнакала ихәыз 50-60-ҩык ааргон.
"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа раан ахәра зауз ҳаибашьцәа ирзымҩаԥаҳгон аԥҟарақәа жәпакы, усҟантәи аибашьцәа ироуаз ахәрақәеи уажәы Донецк иҟоу аҭагылазаашьеи еиԥшым, избан акәзар, еиҳа иӷәӷәоу, зымҽхак ҭбаау ахқәа рықәшәоит, уи иаразнак рцәа-ржьы ӷәӷәала иаԥырхагахоит", - иҳәеит иара.
Иара убас Андзор Гоов иҳәеит, аԥсуа ҳақьымцәа уаҟа рыҟазаара иалагӡаны уахь ишнеиз ДЖәР анапхгара.
"Ас еиԥш анырра ӷәӷәа аарԥшра ҳалшап ҳәа ҳгәыӷуамызт, ҳџьабаа ахә ҳаракны иршьеит, Аԥснынтәи ҳааит ҳәа заҳауаз зегьы азҿлымҳара аарԥшны адгылара ҳарҭон, иахьа уажәраанӡа ҭелла ҳаимадоуп", - иҳәеит Андзор Гоов.
Апресс-конференциа ахыркәшамҭазы аҳақьымцәа ирҳәеит ҩаԥхьа Донецкҟа ацара ргәы ишҭоу, уажәазы уаҟа ишыҟоу даҽа гәыԥк аҳақьымцәа.