"Иахьа Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аԥхынтәи акурорттә аамҭазы изҵоу аидара хыԥхьаӡарала иазгәаҭан. Урыстәылатәи аган адырра ҳанаҭоит урыстәылатәи аган аҿы уахыки-ҽнаки рыла ианеиҳаха 58 000-ҩык ахысра рылшоит ҳәа. Аха иахьазы 46 000-ҩык шахысуа азгәаҭоуп. Ус анакәха, маҷк аԥсеивгарҭа рымоуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Убри аан дара аушьҭырҭақәа зегьы ахархәара рыҭоуп ҳәа рҳәоит. Ҳара ари ҳақәшаҳаҭым раҳҳәеит, избанзар аҭагылазаашьа акыр ауадаҩрақәа шацу ҳара ҳхаҭақәагьы иаабоит", - иҳәеит Апарламент адепутат, аусутә гәыԥ аԥсуа хәҭаҟынтә ацхантәаҩ Алхас Барцыц.
"Лаҵара 25 рзы ари азҵаара иалацәажәан. Урыстәыла Атранспорт аминистрра иазгәанаҭеит ацҳа аиҭашьақәыргылара 4,9 миллиард мааҭ азырхоуп ҳәа. Уажәгьы иалацәажәан арҭ аусурақәа актуалра шрылоу. Иара убасгьы ирылацәажәан аихамҩатә, аҳаиртә, акруизтә еимадарақәа. Арҭ азҵаарақәа аус рыдырулоит, урҭ аҳәааҿ аҭагылазаашьа акыр идырмариар алшоит", - иҳәеит Рштуни.