Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла АА: "Горский котел" аҟны амацәаз иҭакуп ҩ-нызқьҩык рҟынӡа УАМ аибашьцәа

"Горский котел" аҿы амацәаз иҭакуп УАМ абаталионқәа ԥшьба, абригада-артиллериатә гәыԥ, амилаҭеилыхыҩцәа ргәыԥ "Правый сектор" аибашьцәа, ԥарала еибашьуа аҳәаанырцәуаа ротриад.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Урыстәылатәи ар украинатәи аиланхарҭақәа Горскоеи Золотоеи рҿы аибашьцәа амацәаз иҭаркит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"Зынӡа "Горский котел" аҿы уажәы ҩ-нызқьҩык амацәаз иҭакуп: 1800-ҩык аруаа, 120-ҩык "Правый сектор" аибашьцәа, 80-ҩык инареиҳаны аҳәаанырцәуаа, иара убасгьы 40 ак акәылӡтәы машьынақәеи 80 минаршәгеи", - аҳәоит аацҳамҭаҿы.

Аусбарҭаҿы иазгәарҭоит аӷа иеибашьцәа рхыԥхьаӡара 40% ишеиҵахахьоу, абџьари аџьаԥҳани рнагара шеиԥҟьо.
"Урыстәылатәи ар "Горский котел" амацәаз еиҳа-еиҳа еиҵарцалоит. Аӷа иааҟәымҵӡакәа ааха ирҭоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар украинатәи атехника иазырхаз абылтәеизакырҭақәа 49 ааха рырҭеит
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла ари араион аҿы рабџьар шьҭарҵахьеит 41 солдаҭ. Уи адагьы имаҷым аибашьра адәаҟынтәи ибнало рхыԥхьаӡара.
Золотое ахәҭак аурыс ар рнапаҿы иҟоуп. Аҵыхәтәантәи хәымш рыҩнуҵҟа рхы иақәиҭтәуп аиланхарҭақәа: Лоскутовка, Подлесное, Мирнаиа Долина, Шьербкарьер, Врубовка, Нырково, Николаевка, Новоивановка, Устиновка, Раи-Александровка.