Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи ар украинатәи атехника иазырхаз абылтәеизакырҭақәа 49 ааха рырҭеит

© Sputnik / Виктор Антонюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Танкисты Народной милиции ЛНР
 Танкисты Народной милиции ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2022
Анапаҵаҩра
Атәылахьчара аминистрра адыррала украинатәи аган аԥхасҭа рацәа амоуп, убри аан урыстәылатәи ар ԥхьаҟа ицоит.
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Урыстәылатәи ар украинатәи атехника иазырхаз абылтәеизакырҭақәа 49 ааха рырҭеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"Рашәара 22 рзы урыстәылатәи ар Николаев иахьаҵанакуаз аҭыԥқәа рҿы украинатәи атехниказ абылтәеизакырҭақәа 49 ааха рырҭеит, иара убасгьы аҵәахырҭақәа ирҭагылаз ареактивтә системақәа 50", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ааха роуит акәылӡтәы техника аремонт ахьазыҟарҵоз абазақәа хԥа, анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ԥшьба, ари аибашьыга техникеи.
Уахыки-ҽнаки рыла аоператив-тактикатә авиациа 96 раион рҿы аруааи атехникеи ндырҵәеит, Харковтәи аобласт аҿы адәытә радиолокациатә ҭыԥ ааха аҭоуп.
Аракетатә ари артиллериеи рнапхгараҭаратә ҭыԥқәа 26, ари аибашьыга техникеи ргыларҭақәа 364 раион, адгьылбжьаха Кубански аҿы 155 мм згәыцә ыҟоу агаубицақәа М-777 рырхәҭа, РСЗО "Смерч" архәҭа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рнапхгараҭарҭақәа хԥа ршьаҟьеит.
Иҭархоуп зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Ураган" ааба, агәыцәтә артиллериа архәҭақәа 11. Урҭ Донецки егьырҭ ДЖәР аиланхарҭақәеи ирылахысуан.
РСЗО Град НМ ДНР в районе села Новотроицкое - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар Украина РСЗО 13 взвод ҭадырхеит
Авиациа ажәылараан иҭархоуп 650-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, 17 танки кәылӡтәы машьынеи, зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Смерч" иатәу амашьынақәа хԥа, автомашьына ҷыдақәа 17.
Аҳауаҿагыларатә мчрақәа рыруаа уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 21, иааныркылеит 22 реактив хгәыцәи абаллистикатә ракета "Точка-У-и".
Аминистрра иазгәанаҭеит аӷа ацәыӡ дуқәа шимоу. Еилаԥыххау 57-тәи амотошьаҟатә бригада 34-тәи абатальон аҿы ҩымш рыҩнуҵҟа ацәыӡқәа: 150-ҩык шьуп, 450-ҩык хәуп.
УАМ 30-тәи абригада аилазаараҟынтә 50% роуп иазаанхаз, 170-ҩык асолдаҭцәа ахәрақәа рыманы аҭыԥ иахыгоуп.
Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аоперациа ҷыдаз: аӷа ацәыӡ дуқәа имоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0