АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа рашәара 30 азы хатәгәаԥхарала адгьылбжьаха Змеиныи аҟынтәи рыр ықәыргеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрр.
Асеиԥш ахымҩаԥгара Урыстәыла адунеитә еилазаара ианарбоит, Украина ақыҭанхамҩатә аалыҵ амҩангаразы агуманитартә коридор аартра мап шацәнамкуа.
Абри аӡбамҭа ашьҭахь, Украина иҟоу афатә азымхара Москва иахароуп, аурысқәа арыц ақәгара иаԥырхагоуп ҳәа рызҳәашам", - иҳәеит аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков.
Аминистрраҿ иазгәарҭеит, анаҩстәи ашьаҿа Украина аганахьынтә ишазыԥшу Амшын еиқәа иаԥну абаӷәазақәеи аԥшаҳәақәеи аминақәа ыҵырхып ҳәа ишақәгәыӷуа.
ЕАР ахәшьарала адунеи аҿы арыц азымхара иахҟьаны амлакратә кризис ҟалар алшоит. Мраҭашәаратәи атәылақәа уи азы ахара здырҵо Москва ауп.