Аԥсны

Аԥсны арҩашьыгатә ҵиаақәа раарыхразы ашьаусқәа ҩба хацыркуп

Марихуана аҟаҵараан рхы иадырхәо аныцә аарыхра азин ыҟам Аԥсны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра арҩашьыгатә ҵиаақәа аазрыхуаз атәылауаа рганахьала ашьаусқәа ҩба хацнаркит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Мҽхакы ҭбаала арҩашьыга злоу аҵиаақәа раарыхразы Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭа анхаҩы Сулҭан Џьопуа иганахьала ашьаус хацыркуп.
Ареспублика ААР акриминалистикатә центр аекспертцәа ишьақәдыргылеит аҵиаақәа аныцә шакәыз, уи ахархәара арҭар ҟалоит анаркотикатә маҭәашьара каннабис, еиҳа ирдыруа марихуана аҟаҵараан.
Ашьаус хацыркуп Аԥсны ашьауӷатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 228 ахәҭа 2, апункт "в" инақәыршәаны.
Сулҭан Џьопуа ҩымз аҭакра иқәҵоуп, Гәылрыԥшьтәи ААР аҟәша ашьаусԥшаара иацнаҵоит.
Аԥсны
Аԥсны ААР апсихотроптә маҭәашьарқәа рымазааразы ашьаусқәа ҩба хацнаркит
Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан инхо Петрос Меликиан иганахьала Аԥсны ашьауӷатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 228 ахәҭа 1 инақәыршәаны ашьаус хацыркуп, иара инхарҭа иаҵанакуа аҵакыраҿы ирыԥшааит заарыхра ҟамло аныцә ашьапқәа.
Меликиан иаанкылара аамҭазы ихаҭа анаркотикқәа идкыланы дыҟан, уи азы 15 мшы иқәҵаны дҭакуп. Иаамҭа анхыркәшахалак иаанкыларазы азыӡба рыдыркылоит.
Аԥсны
Узбекистан атәылауаҩ Аҟәа анаркотик рацәа идырбалеит