АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы афотоцәыргақәҵа "Аҟәа" аадыртит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы.
Ацәыргақәҵа иаҭааз ирбар рылшон Аҟәа ажәытә фотосахьақәеи иахьатәи аамҭазы урҭ аҭыԥқәа рфотосахьақәеи, убас ала, аҳҭнықалақь ажәашықәсақәа ирылагӡаны иахҭысыз аиҭакрақәа рбартә аҭагылазаашьа рыман.
Афотосахьақәа рыда ацәыргақәҵаҿы иҟан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазаратә ҟәша иҭоу астудентцәа рсахьақәагьы.
"Ари ацәыргақәҵа хықәкыс иамоуп Аҟәа аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара апроблема ауаа дырбара, ҳақалақь аҭоурыхтә ҵакы радԥхьалара. Избанзар ҳаҳҭнықалақь аҭоурых ду змоу, ижәытәӡоу, оумакала аиԥшӡоу қалақьуп", - лҳәеит Аҟәа ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа аспециалист Наида Абидова.
Иахьа Аҟәа - Аԥсны аполитика-напхгараҭаратә, акультуратә, аҭҵаарадырратә, ҵараиуратә гәеисырҭоуп, ароуп иахьыҟоу ареспублика ааглыхратәи атранспорттәи еилысырҭақәа реиҳарак. Аҟәа аҵакыра 21 километра ԥшьыркца иҟоуп.
Аҟәа игылоуп аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәа реиҳарак. Ара аус руеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Аԥсуаҭҵааратә институт, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Аҳәынҭқарратә драматә театрқәа Афилармониа, Амилаҭтә библиоека, Аҳәынҭқарратә музеи, аколлеџьқә, аучилишьеқәа, ашколқәа уҳәа егьырҭ аҵара-ааӡаратә, акультуратә усбарҭақәа.