АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа иқәынхо ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит аҳҭнықалақь амшныҳәа, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Зеиԥш ыҟам ҳақалақь иаҟәну аԥшӡара уаднамҧхьалар залшом, ҳтәылаҿы иара аҭыԥ ҷыдагьы ааннакылоит. Убри аҟынтә иахьатәи аныҳәа – зегьы иаҳзеиԥшу ныҳәоуп", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Ахада иажәақәа рыла, ҳаҳҭнықалақь иамоу аҭоурых, аҭоурых-культуратә ҭынха ала даҽакы ишеиԥшым. Аҟәа иқәынхо ауаа ргәыбылра, уи иарҭо агәцаракра иабзоураны ақалақь аҿиара, аизҳазыӷьара амҩа иануп иҳәеит иара.
"Бзиа иаҳбоит ҳара ҳаҭнықалақь, агәрагьы згоит, Аҟәа ашықәсҩыра еснагь хра злоу, ихиру ахҭысқәа рыла ишхаҭәаахало", - ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Аслан Бжьаниа зегьы ирзеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа.
Аслан Бжьаниа зегьы ирзеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа.
Аҟәа ақалақь амш азгәаҭаразы акомиссиа аԥҵан 2015 шықәса аҽеиҩшамҭазы. Аилацәажәарақәа рышьҭахь, дара ирыӡбеит Аҟәа ақалақь Амш ԥхынгәымза раԥхьатәи асабша есышықәса имҩаԥыргаларазы.
Сынтәа уи иақәшәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Ииультәи аоперациа ианалагаз - Тамшьтәи адесант аныӡхыҵыз амш, уи азы аныҳәа азгәаҭара амҽыша, ԥхынгәы 3 ахь ииагазарц ӡбан.