Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Сергеи Шоигу Владимир Путин иеиҳәеит Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахы ишақәиҭтәу

Уаанӡа Урыстәылатәи Арбџьармчқәеи ЛЖәР Жәлар рмилициеи лҵшәа бзиала еицымҩаԥыргоз ажәыларақәа ирыбзоураны Лисичански уи ааигәара иҟоу аиланхарҭақәеи рнапахьы иааргеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу атәыла ахада Владимир Путин адырра ииҭеит Лугансктәи Жәлар Рреспублика аҵакыра зегьы ахы ишақәиҭтәу. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Иахьа ԥхынгәы 3 2022 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Урыстәылатәи Афедерациа Адҵаҟаҵаҩ Хада адырра ииҭеит Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахы ишақәиҭтәу", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Уаанӡа Урыстәылатәи Арбџьармчқәеи ЛЖәР Жәлар рмилициеи лҵшәа бзиала еицымҩаԥыргоз ажәыларақәа ирыбзоураны Лисичански уи ааигәара иҟоу аиланхарҭақәеи рнапахьы иааргеит.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи архәҭақәа ахы иақәиҭыртәит 182 километра ԥшьыркца аҵакыра.
Украина ишалҵуа азы Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа аҳәамҭа ҟарҵахьан аашықәса раԥхьа, 2014 шықәса рзы. Жәабран 21 2022 шықәса рзы Урыстәыла урҭ рсуверенитет азханаҵеит, жәабран 25 рзы - Аԥсны. Урҭ рнаҩс Шьамтәыла арҭ ареспубликақәа ахақәиҭрахь рымҩа ишадгылоу азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Урыстәыла жәабран 24 раахыс Украина аоперациа ҷыда амҩаԥгара иаҿуп. Владимир Путин иажәақәа рыла, иара иахықәкуп Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим аҟынтәи рхы рақәиҭтәра.