Шьамтәыла Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа азханаҵеит

© AFP 2023 / DELIL SOULEIMANМолодежь едет на повозке, запряженной лошадьми, в городе Рака на севере Сирии, 19 июня 2022 года.
Молодежь едет на повозке, запряженной лошадьми, в городе Рака на севере Сирии, 19 июня 2022 года. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2022
Анапаҵаҩра
Аамҭақәак раԥхьа Дамаскҟа инеиит урыстәылатәии донецктәии аделегациақәа. Атәыла ахада Башар аль-Асади дареи реиԥылара мҩаԥысит.
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Шьамтәыла Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа рсуверинитет азханаҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра шьаҭас иҟаҵаны.
"Шьамтәылатәи Арабтә Республика Донецктәи Жәлар Рреспубликеи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи рсуверенитет азханаҵеит", - ҳәа аҳәоит аҳәынҭмаҵзура САНА иакьыԥхьыз Шьамтәыла ААР аҳәамҭаҿ.
2014 шықәса рзы Донецктәи Жәлар Рреспубликеи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи рхьыԥшымра рыларҳәеит. Урыстәыла урҭ азхазҵаз раԥхьатәи тәылоуп. Владимир Путин Урыстәыла арҭ ареспубликақәа шазханаҵаз азы аҳәамҭа ҟаиҵеит жәабран 21, 2022 шықәсазы. Иара иажәақәа рыла, ари аҩыза ашьаҿа ҟаҵатәхеит аофициалтә киевтәи анапхгара Донбасс аҭагылазаашьа еибашьрада даҽакала аҭышәныртәалара иахьақәшаҳаҭым азы.
Донбасс ареспубликақәа азханаҵеит Аԥсынгьы. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит жәабран 25 рзы. Хәажәкыра 9 рзы Аԥсни ДЖәРи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит, хәажәкыра 10 рзы - Аԥсни ЛЖәРи.
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Аԥсны
Лавров иҳәеит Урыстәыла Аԥсни, ДЖәР-и, ЛЖәР-и реинырра ишацхраало
Ажәабжьқәа зегьы
0