АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Гәылрыԥшь араион Бароуахә аҩхаа амҩаҟны аекскурсиатә автобус аԥаҩ иаҿҟьахьан, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Аиқәырхаҩцәа аҭыԥ ахь инеит иаразнак, амцарцәаратә машьына иацырҳәаны автобус ҭыргеит.
Автобус иҭатәан 50-ҩык. Амашәыр иахҟьаны аӡәгьы ааха имоуит.