Аԥсны

Аслан Бжьаниа Леонид Пасечник Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахақәиҭтәра идиныҳәалеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу атәыла ахада Владимир Путин адырра ииҭеит Лугансктәи Жәлар Рреспублика аҵакыра зегьы ахы ишақәиҭтәу. Урыстәылатәи архәҭақәа ахы иақәиҭыртәит 182 километра ԥшьыркца аҵакыра.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Лугансктәи Жәлар Рреспублика Ахада Леонид Пасечники ҭелла реицәажәараан аҵакыра ахақәиҭтәра идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Урыстәылатәи Афедерациа адгылара иабзоураны иаарласны аҭынчԥсҭазаара шышьақәыргылахо азы агәыӷра шимоу.

Леонид Пасечник аԥснытәи иколлега иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аԥсны анапхгареи ажәлари Лугансктәи Жәлар Рреспублика иарҭо адгыларазы, иазгәеиҭеит аҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырҿиара шаҭаху.
Урыстәылатәи Арбџьармчқәеи ЛЖәР Жәлар рмилициеи лҵшәа бзиала еицымҩаԥыргоз ажәыларақәа ирыбзоураны Лисичански уи ааигәара иҟоу аиланхарҭақәеи рнапахьы иааргеит. Урыстәылатәи архәҭақәа ахы иақәиҭыртәит 182 километра ԥшьыркца аҵакыра.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Сергеи Шоигу Владимир Путин иеиҳәеит Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахы ишақәиҭтәу
Украина ишалҵуа азы Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа аҳәамҭа ҟарҵахьан аашықәса раԥхьа, 2014 шықәса рзы. Жәабран 21 2022 шықәса рзы Урыстәыла урҭ рсуверенитет азханаҵеит, жәабран 25 рзы - Аԥсны. Урҭ рнаҩс Шьамтәыла арҭ ареспубликақәа ахақәиҭрахь рымҩа ишадгылоу азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.