Аԥсны

Гал араион ахада еиҭеиҳәеит аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны аԥхасҭа зауз ацхыраара шрырҭо

Ԥхынгәы 3 азы Гал араион иауз ақәаршыҩ иахҟьаны ауааԥсыра рыҩнқәа ҩеижәа рҟынӡа аӡы рыҵалеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. Ақәаршыҩ иахҟьаны анхацәа ироуз аԥхасҭа ахәшьара анаҭоит акомиссиа ҷыда, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал араион ахада Константин Ԥлиа.
Иажәақәа рыла акомиссиа алахәылацәа аҭыԥ ахь инеины аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит.
Ԥлиа иҳәеит аусурақәа хыркәшаны еизырго аматериалқәа Аиҳабыра рахь ишынарышьҭо.
"Аԥарақәа ԥшаахоит, аха заҟа иласхо атәы ауп аус злоу. Амшцәгьақәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауа рзы ҳҳәынҭқарра ашәарақәа ианаамҭу имҩаԥнагоит, иахьынӡаздыруа. Иҳалшо ала ҳацхыраауеит, аха уажәы Аиҳабыра рыӡбамҭа ҳазыԥшуеит", - иҳәеит иара.
Ахшара рацәа змоу ма зсоциалтә лшара ԥку аҭаацәарақәа сынтәа аџьықәреи рзыршарц рыӡбеит.
"Ахада адҵа ҟаиҵеит аџьықәреи рацәаны илаҵазарц. Сгәанала шә-тоннак рҟынӡа аҽаҩра ҳауроуп. 200-200 кьыла ахшара рацәа змоу ма зсоциалтә лшара ԥку аҭаацәарақәа ирзаҳшоит", - иҳәеит иара.
Ԥхынгәы 3 азы Гал араион иауз ақәаршыҩ иахҟьаны ауааԥсыра рыҩнқәа ҩеижәа рҟынӡа аӡы рыҵалеит.
Аԥсны
Гал араион аҿы илеиз ақәаршыҩ иахҟьаны аҩнқәа аӡы рыҵалеит