Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гал араион аҿы илеиз ақәаршыҩ иахҟьаны аҩнқәа аӡы рыҵалеит

© Foto / Пресс-служба губернатора Забайкальского края / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПаводки в Забайкальском крае
Паводки в Забайкальском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2022
Анапаҵаҩра
Гал араион аҿы амшцәгьа иахҟьаны ауаа ироуз аԥхасҭа шаҟа ыҟоу ахәшьаразы акомиссиа аԥҵахоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гал араион ауааԥсыра рыҩнқәа аӡы рыҵалеит иауз ақәаршыҩ иахҟьаны, абри атәы Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит араион ахада Константин Ԥлиа.

"Асабша илеиз ақәаршыҩ Гал араион аԥхасҭа анаҭеит. Ақалақь агәы акгьы амыхьит, избанзар уажәааигәа аӡиас ҭыдрыцқьааит. Аха ақалақь уахыкәшан узлацо аҭыԥ аҟны ҩажәа рҟынӡа аҩнқәа ашьыжь аӡы рыҵалеит. Аҩнымаҭәеи афымцамаругақәеи реиқәырхара иахьӡеит, аха ауаа рыҩнқәа аԥхасҭа рынаҭеит", - иҳәеит иара.

Араион ахада иазгәеиҭеит атәылауаа аӡәырҩы руҭрақәа аӡы ишықәнаӡәӡәааз. Уи адагьы, Риаԥ ақыҭаҿы жәа-ҭӡак аԥхасҭа шроуз.
Константин Ԥлиа ақалақь анхамҩатә усбарҭа ахаҭарнакцәеи иареи аӡхыҵра ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҿы инеит, ауааԥсыра ирацәажәеит.
Иара иазгәеиҭеит ԥхынгәы 4 рзы ишаԥҵахо амшцәгьа иахҟьаны ауаа ироуз аԥхасҭа шаҟа ыҟоу ахәшьаразы акомиссиа. Урҭ ианырыԥхьаӡалак ашьҭахь, адокументқәа атәыла аиҳабыра рахь ирышьҭуеит, избанзар араион абиуџьет арыцҳара иақәшәаз ауаа ирыхәҭоу рызшәаразы алшара рымам.
Последствия стихии в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2022
Аԥсны
Аԥсны амшцәгьақәа раан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра реиҳараҩык ашәарацҵақәа рыҭоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0