Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шьамтәыла ақәшаҳаҭуп ДЖәР аҿы арратә цәгьоуцәа ирыдҟаҵало атрибунал алахәхара

Донецктәи Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилин лаҵарамзазы аҳәамҭа ҟаиҵеит украинатәи анеонацистцәа атрибунал ишаҵаиргыло.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Шьамтәыла ақәшаҳаҭхеит ДЖәР аҿы арратә цәгьоуцәа ирыдҟаҵало атрибунал алахәхара.
Абри атәы аарыцҳауеит АИХқәа, Донецктәи Жәлар Рреспублика адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Наталиа Никонорова лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Лара ишылҳәо ала ДЖәР абри азы заанаҵтәи ақәшаҳаҭра аиуит Шьамтәыла ахада Башар Асад иҟынтәи.
Уаанӡа атрибунал ишалахәхо азы аҳәамҭа ҟарҵахьан Урыстәылеи ЛЖәРи.
Аԥсны
ДЖәР ахада "Пятнашка" аибашьцәа "Агәымшәараз" амедалқәа ранеишьеит