АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра ауааԥсыра Ақалақь амш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳаит атәыла ахада апресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа ҷыдала иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ақалақь ауааԥсыра хаҵарыла рыԥсадгьыл шырхьчоз, афырхацәа рыхьӡқәа хьтәы нбанла наунагӡа Аԥсны аҭоурых ишанылаз. Иара инаҵишьит аибашьра ашьҭахь ақалақь аԥсҭазаара аиҭашьақәыргылара шымариамыз, аха урҭ зҭагылаз ауадаҩрақәа усҟангьы иахьагьы риааиразы ирылшо зегьы шыҟарҵо.
"Очамчыраа хьыӡла-ԥшала, ламысла акыр аԥышәарақәа ирхысит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп иныҟәыжәго ауаажәларратә ҭакԥхықәразы, ақалақь иашәҭо агәцаракразы. Шәхы шәамеигӡакәа есҽны имҩаԥыжәго аусура иабзоураны ақалақь иахьатәи амш, уаҵәтәи аԥеиԥш ашьақәыргылара шәаҿуп", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада иара убас иҳәеит аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа ишыруаку Очамчыра аекономикатә лшара арҿиара. Агәрагарагьы ааирԥшит досу рылшарақәа еицҵаны аҭагылазаашьа акырӡа аиӷьтәра шрылшо.
Аслан Бжьаниа очамчыраа ирзеиӷьеишьеит ҭаацәа-ҭаацәала анасыԥ, аманшәалара.
Аслан Бжьаниа очамчыраа ирзеиӷьеишьеит ҭаацәа-ҭаацәала анасыԥ, аманшәалара.