Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Очамчира
Администрация города Очамчира - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Анапаҵаҩра
Очамчыра 2522 шықәса шахыҵуагьы, ԥхынгәы 9 рзы уи раԥхьаӡа акәны аирамш азгәарҭон.
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра ауааԥсыра Ақалақь амш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳаит атәыла ахада апресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа ҷыдала иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ақалақь ауааԥсыра хаҵарыла рыԥсадгьыл шырхьчоз, афырхацәа рыхьӡқәа хьтәы нбанла наунагӡа Аԥсны аҭоурых ишанылаз. Иара инаҵишьит аибашьра ашьҭахь ақалақь аԥсҭазаара аиҭашьақәыргылара шымариамыз, аха урҭ зҭагылаз ауадаҩрақәа усҟангьы иахьагьы риааиразы ирылшо зегьы шыҟарҵо.
"Очамчыраа хьыӡла-ԥшала, ламысла акыр аԥышәарақәа ирхысит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп иныҟәыжәго ауаажәларратә ҭакԥхықәразы, ақалақь иашәҭо агәцаракразы. Шәхы шәамеигӡакәа есҽны имҩаԥыжәго аусура иабзоураны ақалақь иахьатәи амш, уаҵәтәи аԥеиԥш ашьақәыргылара шәаҿуп", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада иара убас иҳәеит аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа ишыруаку Очамчыра аекономикатә лшара арҿиара. Агәрагарагьы ааирԥшит досу рылшарақәа еицҵаны аҭагылазаашьа акырӡа аиӷьтәра шрылшо.

Аслан Бжьаниа очамчыраа ирзеиӷьеишьеит ҭаацәа-ҭаацәала анасыԥ, аманшәалара.
Празднование 2522-летия Очамчыры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Аԥсны
Абжьыуаа рныҳәа: Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0