Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абжьыуаа рныҳәа: Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

© Sputnik / Леон Адлейба Празднование 2522-летия Очамчыры
Празднование 2522-летия Очамчыры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Анапаҵаҩра
Очамчыра Амш сынтәа иазгәарҭеит ԥхынгәы 9 рзы. Ари ақалақь шьаҭаркын ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы, сынтәа иара иахыҵит 2522 шықәса.
Араион ахадара аныҳәа рҽазыҟарҵеит - ақыҭанхамҩатә џьармыкьа, хәыҷи-дуи рзы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа, аконцерт. Очамчыра Аирамш аҽны Sputnik-гьы ыҟан.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Асимвол ҿыц

Очамчыра Амш аламҭалаз ақалақь дырԥшӡеит. Уи уахьналало ԥаҭырқал ԥшшәыла ашьаҟақәа ршәит, аныҳәатә баннерқәа кыдырҵеит, аԥшаҳәа дрыцқьеит.
Ақалақь ахадара ари амш аҳаҭыр азы аҳамҭа ҟарҵеит - иаԥырҵеит агерб. Аформеи аԥштәқәа рылеи уи аҳәынҭқарратә герб иеиԥшуп. Иара дануп Евтсафи Аԥсилтәи, ашыцмахә, Ерцахә ашьха, ажәытә бырзен қалақь Милетынтәи иааз аколонистцәа, иара убас 27 еҵәа, араион иахәҭаку ақыҭа хадарақәа рыцыԥхьаӡа.
Агерб авторс дамоуп Боиан Делба, уи ицхраауан Беслан Бигәаа, Дмитри Кобахьиа, ҬЕмыр Ԥачлиа, аграфикатә дизаинер – Арина Ҷкадуаԥҳа.
Делба иажәақәа рыла, агерб раԥхьатәи авариант 2010 шықәса рзы ишыҟаҵаз, уи амакет аҭоурыхҭҵааҩцәеи, аетнографцәеи, араион ахадареи алархәны ишалацәажәаз. Аха уи ашьақәырӷәӷәаразы аӡбамҭа 2022 шықәса рзоуп ианрыдыркылаз. Ари Очамчыра аҭоурых аҿы раԥхьатәи гербуп.
Автор иажәақәа рыла, ақалақь асимвол иара аҭоурыхи, иахьатәи амши, аԥеиԥши аанарԥшуеит, очамчыраагьы уи ргәарԥханы ирыдыркылеит.
Администрация города Очамчира - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит

Иззыԥшымыз аныҳәа

Очамчыра Амш азгәаҭара иалагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Уи иалахәын араион анапхгареи атәылауааи.
Ақалақь аԥшаҳәаҿы еиҿкаан ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа ахьцәыргаз аџьармыкьа. Уа ақыҭанхацәа, анапҟазацәа, асахьаҭыхыҩцәа рнапала иҟарҵаз, иаадрыхыз цәырыргеит.
Ҷлоу ақыҭа анхацәа аџьармыкьахь инаргеит аԥсуа милаҭтә маҭәахәқәа - акәадыр, ашәақь, аҳәызбақәа, аҟама, амилаҭтә маҭәа, ачысмаҭәа, амузыкатә арҳәагақәа.
"Ҷлоуаа дуқәа" захьӡыз астенд ӡыригон 84 шықәса зхыҵуа Ҷлоу анхаҩы Владимир Логәуа. Иара амилаҭтә маҭәа ишәҵаны арахь дааит.

"Ҳраион аҿы акыр ҵуан ас еиԥш агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа ҟамлеижьҭеи. Очамчыра ааибашьраан акыр агәаҟрақәа ахнагеит. Анцәа илԥха роуааит ари аҩыза аныҳәа ԥшӡа еиҿызкааз, ари хҭыс дууп. Сара сықәра ыҟоуп, аха ахәыҷ иеиԥш сгәырӷьоит. Ҳаԥхьаҟагьы абзиарақәа ҳԥеиԥшзааит", - иҳәеит иара.

Кәтол ақыҭа ӡырылгон Мадина Ашәԥҳа. Лара Аҟәа ари аҩыза аџьармыкьа даналахәыз, уа ицәырылгаз алаҳарҩа даара игәаԥхеит Аԥсны ахада, уи ашьҭахь лара ателехәаԥшрахьы ааԥхьара лырҭеит, аҩны идуум цехк аргылараҟынгьы илыцхрааит. Мадина иҟалҵо аџьанџьыхәа, алаҳарҩа, ақалмышь Аԥсны ақьафурҭақәеи аҳамҭақәа рыдәқьанқәеи рҿы иааухәар улшоит, аԥхынразы аахәаҩцәа рацәаны иазҿлымҳауп.
© Sputnik / Леон Адлейба

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
1/5

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

© Sputnik / Леон Адлейба

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
2/5

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

© Sputnik / Леон Адлейба

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
3/5

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

© Sputnik / Леон Адлейба

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
4/5

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

© Sputnik / Леон Адлейба

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
5/5

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

1/5

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

2/5

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

3/5

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

4/5

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

5/5

Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

Очамчыратәи аҭыԥҳацәа аџьармыкьаҿы ицәырыргеит рнапала ирӡахуа арҭмаҟқәа, аԥхьатәи аган ала аԥсуа тематикеи аԥсышәала аҩырақәеи, ашьҭахь ала "Made in Ochamchira" ҳәа рынны. Аџьармыкьа иаҭааз аӡәырҩы урҭ ирыдеизалеит, азҿлымҳара роуит.
Иара убас иҭихыз асахьақәа ықәиргылеит Башкириантәи иааз асахьаҭыхҩы Варис Тамеев, иара уажәшьҭа 13 шықәса ҵуеит Кындыӷ дынхоижьҭеи. Асасцәа еиҳарак иргәаԥхеит аҽы асахьа. Иара иажәақәа рыла, иусумҭақәа реиҳарак аҽқәа ирызкуп.
"Сара саб дыскульпторын, аҽқәа рхаҿсахьақәа ҟаиҵон. Аҽы - зегь реиҳа ауаҩы изааигәоу, ицқьоу, илашоу ԥстәуп, дара аӡыхәашьыҵәҟьа ахаан ирыжәраны иҟаӡам", - иҳәеит иара.
Аныҳәа рзеиҿкаан ахәыҷқәагьы. Ахадара аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы аниматорцәа рзықәгылеит, аҿар рзы аспорттә хәмаррақәа еиҿыркааит - ашаха ахара, ашахматқәа, ахыци ахәымпали рыла ахысра, асахьаҭыхразы амастер-классқәа, ахәмаррақәа, авикторинақәа. АҶА акатер акәзар, изҭахыз зегьы хәыда-ԥсада амшын аҿы инаргааргон.
Аныҳәамш хыркәшан аконцерт ала, уи иалахәын аҭыԥантәи аестрада ашәаҳәаҩцәа, акәашаратә коллективқәа, Адыгеиантәи иааз артистцәа.
Очамчыра Амшира аҳаҭыр азы араион ахада Беслан Бигәаа Очамчыра уажәааигәаӡа ииз асаби 50 000 нызқь мааҭ шлырҭо зыршаҳаҭуа ашәҟәы лиҭеит уи лаҳәшьеиҳаб Нара Ҳаџьымԥҳа.
Араион ашколқәа роушьҭымҭацәа рҵара ахьыхдыркәшаз рыдырныҳәалеит, араион анхацәеи асасцәеи рзы адискотека еиҿыркааит.
Аныҳәа арԥшӡоит иара убас агәырӷьаратә салиут.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хьиба Очамчыра ақалақьи уи анхацәеи ирызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хьиба Очамчыра ақалақьи уи анхацәеи ирызкны
Ажәабжьқәа зегьы
0