Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Украина аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ԥыржәеит

Аихсра иалҵшәаны 100-ҩык рҟынӡа аибашьцәа ҭархоуп, ЕАА иртәу агаубицақәа М777 ахьыҵаз ашьҭаҵарҭақәеи зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Град"-и ԥыржәеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа икылкааны иеихсит Славианск "Акерамикатә комбинат" аҵакыраҿы украинатәи ар артиллериатә ҟәша аамҭала иахьгылаз аҭыԥи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭеи, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Иара убас уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла Аҳаир-космостә мчрақәа иқәырхит анапхгараҭаратә ҭыԥқәеи, аруааи, арратә техникеи 16 раион рҿы.
Урыстәыла аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә архәҭақәеи, артиллериеи иҭадырхеит анапхгараҭаратә пунктқәа 17, ԥшьцырак зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Град", ЕАА иртәу агаубицақәа М777 ахьыҵаз ашьҭаҵарҭақәа ҩба, иҭархоуп 42 раионқәа рҿы ахысырҭақәа, иара убас Украина аруааи арратә техникеи 143 раион рҿы.
Уи адагьы, иқәхуп зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Ураган", "Град", згәыцә 152-мм иҟоу агаубицақәа "Гиацинт-Б" рартиллериатә взвод.
Урыстәылатәи ажәыларатә ҳаирпланқәа Су-35с икарыжьит аҳауа иалаз украинатәи аҳаирпланқәа Су-25 ҩ-цырак, МиГ-29 цырак ДЖәР аҳауаҿы.
Иара убас урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә мчрақәа икарыжьит украинатәи адронқәа хԥа, аракетақәа "Точка-У" хԥа, зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Ураган" аснариадқәа 20, зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Смерч" аснариадқәа хәба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина амилаҭеилыхыҩцәа рбаталион "Торнадо" ргыларҭа ԥыржәеит