Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа Украина амилаҭеилыхыҩцәа рбаталион "Торнадо" ргыларҭа ԥыржәеит

© Sputnik РИА  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийские войска в районе города Изюм
Российские войска в районе города Изюм - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Анапаҵаҩра
Арратә операциа иалахәу урыстәылатәи архәҭақәа зегьы аӷа ирратә техникеи, иинфраструктуреи, ируааи рықәхроуп изҿу.
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа амилаҭеилыхратә баталион "Торнадо" Украина Днепропетровтәи аобласт аамҭалатәи агыларҭа агәҭаҵәҟьа иақәыршәаны иеихсит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Уи иабзоураны иҭархан 40-ҩык ацәгьоуцәа, аџьаԥҳани арратә техникеи 10 цырак.
Иара убас Урыстәыла Аҳаир-космостә мчқәа Соледар иҟоу УАМ 72 амеханизациатә бригада артиллериатә дивизион иеихсит, иҭадырхеит 30 процентк раҟара аруааи артиллериатә бџьар аиҳараки.
Атәылахьчара аминистрра ишазгәанаҭо ала, ацәыӡ дуқәеи адезертирреи ирыхҟьаны Харьков ахьчаразы игылоу 127-тәи абригадахь аибашьразы ирыдыркылоит абахҭақәа ирҭакыз ацәгьоуцәа.
Иара убас урыстәылатәи ар иҭадырхеит УАМ 61-тәи ашьаҟауаатә егертә бригада 99 амеханизациатә баталион апозициақәа рҿы 75-ҩык инареиҳаны амилаҭеилыхыҩцәеи 30 ак акәылӡтәы-танктәи автомобилтәи техникеи.
Часов Иар азааигәара урыстәылатәи аруаа иеихсны иԥыржәеит 155 мм згәыцә ыҟоу америкатәи агаубицақәа М777, Донецк аҭынч уааԥсыра ахьынхоз иалахысуаз украинатәи аибашьцәа 30-ҩык рҟынӡа ахьыҟаз ангар.
Урыстәыла аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә архәҭақәеи артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит анапхгараҭаратә пунктқәа 22, иара убас аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хәба, былтәышьҭаҵарҭак.
Урыстәылатәи аҳаирпланқәа Су-35с, МиГ-31бм аҳауаҿы иеихсны икарыжьит украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 15, зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Ураган" фба.
Истребитель ВВС Индии (IAF) стреляет ракетами по фиктивным целям во время демонстрации огневой мощи IAF «Яю Шакти» в Покхаране, штат Раджастхан, 16 февраля 2019 г - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа украинатәи авертолиотқәа Ми-24 ҩ-цыраки аҳаирплан Су-25 карыжьит
Урыстәыла жәабран 24 раахыс Украина аоперациа ҷыда амҩаԥгара иаҿуп. Владимир Путин иажәақәа рыла, иара иахықәкуп Украина абџьарҟәныхреи аденацификациеи, Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим аҟынтәи рхы рақәиҭтәреи.
Ажәабжьқәа зегьы
0