АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Фарид Мухаменшин еиԥылеит, абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.
"Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицуразы алшарақәа ыҟоуп, урҭ зегьы рынагӡара аҭахуп", - иҳәеит Ашәба.
Аганқәа русецура иалацәажәеит, апарламентқәа рҟны ирымоу рԥышәа еимырдеит. Лаша Ашәба Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭеилакы азакәанԥҵараҿы иамоу аԥышәа азҿлымҳара аиҭеит, акомитетқәа аексперттә хеилакқәеи, апарламенттә комиссиақәеи, адепутатцәа ргәыԥқәеи, афракциақәеи русушьа ҭиҵааит.
Аиқәшәара хыркәшо Лаша Ашәба Фарид Мухаменшин Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит, аҳамҭақәа ианеишьеит.