Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Казантәи атехнополис "Химград" даҭааит

© Foto / пресс - служба Президента РА Аслан Бжания посетил технополис "Химград" в Казани
Аслан Бжания посетил технополис Химград в Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Ҭаҭарсҭан русутә ныҟәара хацыркын ԥхынгәы 10 азы. Ихыркәшахоит ԥхынгәы 12 азы. Анаҩс аделегациа Башкортостанҟа амҩа иқәлоит, уа иҟазаауеит ԥхынгәы 15 рҟынӡа.
АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҭаҭарсҭан иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны даҭааит Казантәи атехнополис "Химград" ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа атехнополис аилазаашьеи, лшарас иамоуи, ахықәки, дара ирыхәҭоу ашәахтә льготақәа ртәы изеиҭарҳәеит.
Ахада иара убасгьы иҭиҵааит атехнополис ашьаҭала аус зуа анаплакқәа раалыҵ - ақыҭанхамҩаҿ ахархәара зуҭаша аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, амедицинатә хархәагақәа, аортопедиатә маругақәа.
Иара убасгьы аԥснытәи аделегациа аҭааит аелектроенергетика аусхк аҟны амаҵзурақәа мҩаԥызго афирмақәа АЕ "Сетевая компания", ИЦ "ЭнергоРазвитие", ИАЕ "ПромЭнерго" раалыҵ ацәыргақәҵа.
Рустам Минниханов и Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2022
Аԥсны
Бжьаниеи Минниханови Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицуразы ахыхарҭақәа ирылацәажәеит
"Химград" – индустриалтә паркуп, иара ашьаҭала аус руеит хыԥхьаӡара рацәала анаплакқәа – ахимиа атоннаж маҷ, аполимерқәа аусеиҭарыдулара, ананотехнологиақәа, аресурсхьчара, амедицинатә технологиақәа русхк.
Аԥсны ахада напхгара зиҭо Аԥснытәи аделегациа Ҭаҭарсҭанҟа инеит ԥхынгәы 10 азы. Уахь рцара хықәкыс иамоуп аекономика, атуризм, ахәаахәҭра, аинформациатә технологиақәа рганахьала аусеицура арӷәӷәара.
Аделегациа ԥхынгәы 12 рзы Башкортосҭанҟа ицоит, уаҟа Аслан Бжьаниеи арегион ахада Ради Хабировы еиуеиԥшым ааглыхратә хыбрақәа еицырҭаауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0