Аԥсны

Аслан Бжьаниа Урыстәыла имҩаԥигоз иусутә еилацәажәарақәа хиркәшеит

Аԥсны ахада ԥхынгәы 10 инаркны 12-нӡа Казань дыҟан, ԥхынгәы 12 инаркны 16-нӡа - Уфа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik.Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани имҩаԥигоз иусутә еилацәажәарақәа хиркәшаны Аԥсныҟа дааит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Мустаи Карим ихьӡ зху уфатәи аҳаирбаӷәазаҟны аԥснытәи аделегациа наскьаргон Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров, Аҳәынҭкарратә еизара ахантәаҩы Константин Толкачиов, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аекономика ҿиареи аинвестициатә политикеи рминистр Рустам Муратов, егьырҭ ачынуааи.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дызхагылоу аделегациа Ҭаҭарсҭанҟа инеит ԥхынгәы 10 рзы. Арҭ амшқәа ирылагӡаны Бжьаниеи Минниханови Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицуразы ахыхарҭақәа ирылацәажәеит, дырҭааит еиуеиԥшым аусбарҭақәа.
Аԥсны
Бжьаниеи Минниханови Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицуразы ахыхарҭақәа ирылацәажәеит
Ԥхынгәы 12 рзы аделегациа Уфаҟа инеит. Уаҟа Аслан Бжьаниеи арегион ахада Ради Хабирови еиԥылеит, башкириатәи аҿар рхеилакқәа рхаҭарнакцәеи иареи еиқәшәеит, Башкортосҭан Анапхгараҭаратә центр даҭааит, Уфатәи амоторҟаҵаратә наплакы аусушьа ибеит.
Аԥсны
Бжьаниа Уфатәи амоторҟаҵаратә наплакы аусушьа идырбеит
Аслан Бжьаниа ида аделегациа иалан Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба, ахада иабжьагаҩ Григори Ԥлиа.