Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Медведев: аоперациа ҷыда ахықәкқәа нагӡахоит

Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ уи адагьы иазгәеиҭеит арҭ рҩызцәа аоперациақәа иааинырсланы иузхыркәшо акәӡам, Урыстәыла ар ақәҿиарақәа аанарԥшуеит, ЛЖәР ахы ақәиҭтәра аиԥш иҟоу, аоперациа ҷыда иацҵахоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина имҩаԥырго аоперациа ҷыда ахықәкқәа шынагӡахо, Урыстәылазы иҟоу ашәарҭарақәа шаԥыххо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аполитик Сталинградтәи ажәылара алагара иазку аусмҩаԥгатә аан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рҿаԥхьа данықәгылоз ииҳәаз иажәақәа ааго.

"Агәра шәсыргоит ари аоперациа ҷыда ахықәкқәа шынагӡахо. Уи иалагӡаны Украина анапхгара аденацификациа азухоит, абџьар рыҟәныххоит, ҳтәылазы уа иҟоу ашәарҭарақәа аԥыххоит", - иҳәеит Медведев.

Иара инаҵишьит Урыстәыла иахьа имҩаԥнаго ашьаҿақәа ишрыцәхьамҵуа киевтәи арежим ҟәрышьлеи абџьарлеи иацхраауа мраҭашәаратәи аполитикцәа хара имгакәа ишеилыркаауа. Медведев игәаанагарала, Европа иааҟәымҵӡакәа аибашьра цалар уи атәылақәа ирзеицәамхозар, ирзеиӷьхом.
Иара убас иара иазгәеиҭеит ари аоперациа ҷыда - зыда ԥсыхәа ыҟамыз ашьаҿа шакәыз, иагьыргәалаиршәеит иарбанзаалак атәыла азин шамоу "аҽыхьчаразы раԥхьа ажәылара азин".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина зхы иақәиҭыртәыз аҵакырақәа рҿы азеиԥш мчра шьақәыргылоуп
Урыстәыла Украина аоперациа ҷыда мҩаԥнагоижьҭеи 143 мшы ҵуеит. Уи ишалагаз азы адырра ҟаҵо, Урыстәыла ахада Владимир Путин иазгәеиҭеит уи хықәкыс ишамоу Украина аденацификациеи абьџарҟәныхреи, киевтәи арежим ҭынчнхамҩа знамҭо Донбасс ауааԥсыра рыхьчареи.
Урыстәылатә ар ажәыларақәа мҩаԥнагоит Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа рмилициа рыдгылара рыманы. Ахы иақәиҭтәуп ДЖәР аиҳарак, Свиатогорск убрахь иналаҵаны, ЛЖәР аҵакыра зегьы, убри адагьы ф-нызқьҩык инарзынаԥшуа украинатәи аруаа рытҟәахьеит.