Аԥсны

Ԥхынгәы 15 раахыс Аԥсны 23-ҩык акоронавирус шрымаз шьақәырӷәӷәан

Ԥхынгәы алагамҭаз Аԥсны аҵакыраҿы 13-ҩык акоронавирус шрымаз шьақәырӷәӷәан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Ԥхынгәы 15 - 19 рыҩнуҵҟа аҿкы зыдбалоу 23-ҩык ашәҟәы иҭагалоуп, ааҩык Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рҽырхәышәтәуеит, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Акоронавирус зыдбалоу 15-ҩык аҟәатәиқәоуп, 6-ҩык гәдоуҭатәиқәоуп, ҩыџьа очамчыратәиқәоуп.
Ареспубликатә асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа рыла, аҭагылазаашьа хылаԥшра амоуп.
"Аҭаацәарақәа рҿы ачымазара аарԥшын, аха уажәы зегь ахылаԥшра рымоуп", - лҳәеит лара.
Амедусзуҩ лажәақәа рыла зҽеиҭазкуа аштаммқәа аӡәгьы идбалам, аиҳараҩык ирыхьуа "омикрон" ауп. Скорик ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵеит алаҵа ҟарҵаларц, асанитартә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Аковидҿагыларатә ԥкрақәа Аԥсны мшаԥымза аахыс иаԥыхуп.