Аԥсны

Аҳазалхыҩцәа Аԥсныҟа амаининг-аппаратқәа ралагалара аԥдырҟәҟәааит

Аԥсны аиҳабыра Аԥсны акриптовалиута арҳаразы атауарқәа ралагалара азин ааныркылеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik. Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы Аԥсныҟа амаининг-аппаратқәа ралагалара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы.
Ԥхынгәы 18 азы аҳазалхырҭатә хылаԥшра аҭыԥ аҿы аинспекторцәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа амҩа иқәыз автомашьына аанкыланы игәарҭеит.
Автомашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Агрба Г. амашьына агәаҭараан иаарԥшын акриптовалиута арҳаразы аппаратқәа ҩба.
Абри административтә зинеилагараз аматериалқәа Аԥсны Аҳазалхратә еилакы аҳазатә ҭҵаарақәеи агәаҭарақәеи рыҟәшахьы инашьҭуп.