Аԥсны

Аԥсны ахада Пицундатәи аҳәынҭдача Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ахҳәаа аиҭеит

Ахада иажәақәа рыла урыстәылатәи аган ари азҵаара изныкымкәа ишьҭнаххьан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Пицундатәи аҳәынҭдача Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ахҳәаа аиҭеит аусутә еилацәажәаразы Очамчыра араион данаҭаа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ахада иажәақәа рыла, аҳәынҭдача аҵакыраҿы иҟоу амазаратә хыбрақәа урыстәылатәи аган аҭара ишаанамго адгьыл аҭира, избанзар, закәанла аҳәаанырцәуаа адгьыл аархәара азин рымам.
"Арҭ ахыбрақәа урыстәылатәи аган аҭара иаанаго аиҭашьақәыргылара ма ҿыц аргылароуп. Адача аҵакыраҿы иҟоу ахыбрақәа зегьы акапиталтә ремонт рҭахуп. Урҭ реиҭашьақәыргылара Аԥсны ахала иалшом", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Бжьаниа иҳәеит Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны, ас еиԥш иҟоу мҽхакы ҭбаалатәи аусурақәа рымҩаԥгара азин рымоуп аҳәынҭқарра иахатәу ахыбрақәа рҟны.
Аԥсны
Бжьаниеи апартиақәеи Пицундатәи аҳәынҭдача Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра иалацәажәеит