Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниеи апартиақәеи Пицундатәи аҳәынҭдача Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра иалацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2022
Анапаҵаҩра
Аилацәажәарахь ааԥхьара рыҭан ареспубликаҿы еиҿкаау аполитикатә партиақәеи аветерантә еиҿкаарақәеи зегьы.
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи аполитикатә партиақәеи аветерантә еиҿкаарақәеи Пицундатәи аҳәынҭқарратә дача Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иалацәажәеит.
"Аԥсны аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи аҳәынҭқарреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра Аԥсны аҵакыраҟны иҟоу ахыбра Урыстәыла ахатәрахьы аҭара, уи ахархәаразы аиҿкаара" напы аҵаҩын 2022 шықәса ажьырныҳәамзазы.

Атәыла ахада аилацәажәара иалахәыз ирзеиҭеиҳәеит ари азҵаара аҭоурых. Инаҵшьны иазгәеиҭеит, "1995 шықәсеи 2022 шықәсеи рзы знапы аҵаҩу аиқәшаҳаҭра ирыбжьоу ипринциптәу аиԥшымзаара шыҟоу, уи ахыбрақәеи аргыларақәеи Урыстәыла ахатәрахьы аҭара, аха уи зықәгылоу адгьыл Аԥсны ишатәыц иаанхоит".

Иазгәаҭоуп, урыстәылатәи аган ари ахыбра рхы ишадырхәо аҳәынҭқарратә хьчара зҭахә ахаҿқәа злахәу аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан.
Аилацәажәара иалахәын Аԥсны аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадартә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, апартиа "Аиҭаира" анапхгаҩы, Жәлар реизара адепутат Леонид Лакербаиа, апартиа "Аԥсны жәлар рыфронт" анапхгаҩы Лаша Сақаниа, "Акоммунисттә партиа" анапхгаҩы Бакәыр Бебиа, апартиа "Амцахара" ахантәаҩы Лиосик Цыгәба, "Амцахара" аҟәатәи аҟәша ахантәаҩы, Жәлар реизара адепутат Асҭамыр Гьерхьелиа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рхеилак "Абааш" ахаҭарнак Ерцахә Адлеиба.
Аилацәажәара иалахәыз зегьы Атәыла ахада аикәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара аҭахуп ҳәа иажәа еицҿакны иақәшаҳаҭхеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0