Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лавров: аоперациа ҷыда хымԥадатәин

Аоперациа ҷыда ианалага инаркны Ҭырқәтәыла аиҿцәажәарақәа анымҩаԥгаз аахыс, Урыстәыла агеографиатә усдҵақәа рҽырыԥсахит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 20- Sputnik. Украина аоперациа ҷыда шхымԥадатәиз, ианалага "иԥсы шигаз" атәы иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров РИА Новости RT-и иаитаз аинтервиу аҟны.
"Акраамҭа Донбасс ауааԥсыра реиԥш ҳтәыла ауааԥсырагьы рызҵаара "асеиԥш абанӡачҳатәу" аҭак ҳзыҟаҵомызт, избанзар ари азҵаара иадҳәало зегьы еиҵарҟьон", - иҳәеит аминистр.
Лавров иҳәеит агеографиатә ҳәаақәеи аоперациа ҷыда аусдҵақәеи рыҽшеиҭаркыз, уажәшьҭа Донецки Лугански ареспубликақәа рҳәаақәеи рҵакырақәеи реиԥш Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәеи. егьырҭ аҭыԥқәеи рызҵаарақәа рыҽшырыԥсахыз.
"Арратә операциа ҷыдеи агеографиатә координатқәеи рзы акәзар ахада иҳәеит - Украина аҵакыраҟынтә шәарҭарак ҳмоуа абџьархыхреи амилаҭеилыхцәа рықәгареи дҵа хаданы ишыҟаз иҟоуп ҳәа. Сҭампыл аиԥылараан географиак азгәаҭан, ҳаргьы уи агеографиа, 2022 шықәса хәажәкырамза анҵәамҭатәи агеографиа ҳақәшаҳаҭын", - иҳәеит Лавров.
Аусдҵақәа реиҭакра мзызны иамоу ҳәа аминистр иҳәеит, Киев иазаарышьҭуа РСЗО HIMARS, иагьазгәеиҭеит мраҭашәаратәи атәылақәа Украина бџьарла иеибырҭонаҵы аоперациа ҷыда аҽшарҭбаауа.
"Ҳара иалҳаршом Украина ахәҭаҿы ашәарҭара ҳҭазыргыло абџьар аҟазаара", - иҳәеит иара.
Жәабран 24 азы Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынчуааԥсыра ишрыламкьысуа. Иазгәарҭеит, украинатәи ақалақьқәа ишрыламкьысуа, аусура шеиԥдырҟьо арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу агәыԥ "Восток" адҵа риҭеит УАМ ахара ихысуа абџьар ааха рырҭаларц